Нугзар Логәуа: ҳмилаҭтә хдырра ашьҭыхраҿы арадио инанагӡо аус акраҵанакуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа.
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио ҳажәлар рҭоурых аҿы ҭыԥс иааннакыло дазааҭгылоит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ииашаҵәҟьаны, аԥсуа жәлар зегьы ҳзы даара иҿахәҳәага дууп аԥсуа радио. Ашықәсқәа ирыбжьаркыз аамҭа ҳазхәыцуазар, аԥсуа радио абаҟа ргылатәуп, убас сгәы иаанагоит сара, ҳәа иҳәеит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа. Аԥсуа радио анаԥҵаз 1932 шықәса инаркны иалагоит аҭоурых.

Раԥхьаӡа аԥсышәала ицәажәаз, аԥсышәала абжьы зыргаз Сандро Сангәылиа иоуп: "Ицәажәоит Аҟәа!" ҳәа. Аԥсуаа иаарылаҩит абри абжьы гәыҟаҵагаха.

"Сара сахьаҭыхҩык иаҳасаб ала иазгәасҭарц сҭахуп, иара ихаҿсахьа аԥсуа культура аҭоурых аҟны иааныжьтәуп ҳәа", — иҳәеит Логәуа.

Аԥсуа радио аџьабаа азызбаз, иазазбо, иалукааша рацәаҩны иҟоуп. Аԥсуа радио етап цыԥхьаӡа уахәаԥшуазар, аамҭа уадаҩӡақәа ирылсны иахьа уажәраанӡа иаҳзааит. Анцәа иџьшьаны, иахьа даҽа аамҭак ҳҭагылоуп, Аԥсны иазхаҵоу ҳәынҭқаррахеит.

Аха, ахьыԥшымра ҳауаанӡа, аԥсуа радио иалнаршаз даара шьарда ирацәоуп амилаҭ хақәиҭратә қәԥараҿы. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, дара уа аус зуаз ауаа ирыбзоуроуп арадио иахьа иамоу алҵшәақәа. Анкьа аус зуаз Артиом Аџыр-иԥа ихаан инаркны, уи ишьҭахь иаҵагылаз абиԥарақәа, абарҭ зегьы аӡәаӡәала зхаҿсахьақәа аԥҵатәу уаауп.  

Аԥсуа-ақырҭуатә еибашьра аамҭа ҳахәаԥшуазар, аԥсуа радио ыҟамзар, даара ицәгьахон аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥаразы ицоз аҿагылара. Еиҳарак амацәаз иҭакыз Очамчыра араион, Тҟәарчал, иара  убас Аҟәа ақалақь иалахан иҟаз ҳауаажәлар зегьы рзы иԥсҭаҵаганы иҟаз аԥсуа радио абжьы акәын.

"Ҳауаажәлар ахьыҟазаалакгьы, аԥсуа радио рлымҳа кыдҵаны иазыӡырҩуан, убриала рыԥсы ҭан. Иуадаҩу аамҭақәа рзы, арадио акы иаламҩашьо ахатә ҭыԥ ааннакылоит. Избанзар, уи абжьы ахьымнаӡо акагь ыҟаӡам. Аибашьра анцоз мрагыларатәи афронт аҿы, зегьы еиқәышәшәа иабаҟаз, афымца лашарагьы рымамызт, аха ирулакгьы еидырҷаҷаланы аккумолиаторқәа рыла ак ҟаҵаны, рлымҳақәа адҵаны иазыӡырҩуан", — ҳәа иҳәоит Логәуа.

Апоетесса Инна Аҳашԥҳа - Sputnik Аҧсны
Инна Аҳашԥҳа: исҭахуп Аԥсуа радио абжьы адунеи иалаҵәарц

Убра ицәажәоз, ажәабжьқәа рызназгоз зегьы, дара рзы нцәахәык иҩызан. Убри аҟынтә, арадио, ҳәарас иаҭахузеи, аҵакы даараӡа иҳаракуп. Аԥсуа жәлар пату, ҳаҭыр ақәҵаны аԥхьаҟагьы иныҟәыргоит ҳәа агәаанагара имоуп асахьаҭыхҩы. Аҿар иахьа иаҵагылаз рдырра ыҟоуп, рҵара ыҟоуп, рылшара ыҟоуп, атехникатә хархәагақәа ыҟоуп. Аусуразы аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп.

"Аԥсуа радио ҳазыӡырҩуеит, ҳгәы иаахәоит, атематикақәа хырхарҭала еихшаны аус руеит. Сара гәахәала исыдыскылоит, ҷыдала ҳџьынџьуаа ирызку аредакциа аус ахьауа, уи даараӡа акраҵанакуеит. Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы ибжьы иргартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Ҳажәлар наҟ-наҟ реидкыларазы даара шьарда аҵанакуеит ҳәа сыԥхьаӡоит", — иҳәеит Логәуа. 

Аԥсуа радио ароль даара идууп аԥсуа жәлар ҳмилаҭ культура ашьҭыҵраҿы. Иаҳҳәап, абызшәа арҿиара ҳалацәажәозар. Уажәы ателехәаԥшра ыҟоуп, акоммуникациақәа аҽакала иҟалеит, аха иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы аԥсуа радио абжьы галароуп.

"Сара исгәалашәоит арадио аҟынтә, иара уажәгьы аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа, аԥсуа лакәқәа ирыԥхьон аԥсуа артистцәа. Ателехәаԥшра адырраҭарақәа рыхәаԥшра зеиӷьыҟам ауп, аха ашьҭыбжь ауаҩы ианиаҳауа еиӷьу ыҟаӡам", — ҳәа иԥхьаӡоит Нугзар Логәуа.

Уи аԥсы ахаҵаны, исахьаркны ажәеинраалақәа ианрыԥхьо, ажәабжьқәа ианрыԥхьо, убри анагӡара аҭахуп ҳәа игәы иаанагоит. Избанзар, ҳара ҳбызшәа аҿиараҿы, ҳара ҳмилаҭтә хдырра ашьҭыхраҿы, аԥсуа радио инанагӡо аус даара шьарда акраҵанакуеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0