Урыстәылатәи аракетчикцәа аԥырҩы дызмам аҳаирпланқәа ириехсуан

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аракетчикцәа аԥырҩы дызмам аҳаирпланқәа ириехсуан
Урыстәылатәи аракетчикцәа аԥырҩы дызмам аҳаирпланқәа ириехсуан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа аԥырҩы дызмам аҳаирпланқәа ириехсуан. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

АҞӘА, мшаԥымза 28 — Sputnik. Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа електронтә ракетала "аӷа" аԥырҩы дызмам иҳаирпланқәа ириехсуан. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

"Аӷа" иԥрыгатә хархәагақәа аимитациа рзыруан аԥрыгатә аппаратқәа "Орлан", "Застава" "Гранат".

Гәдоуҭатәи аполигон аҟны аҵараҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 200-ҩык аррамаҵзурауаа, арратә техника 40 цыра, азенит комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-102, ЗРК "Игла2" абрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0