Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп, аха ақалақь ахьӡ ӡыргам

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа
Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АГТРК апресс-центр аҟны имҩаԥысит Италиа Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра аинаугурациеи аԥкаанҵа анапаҵаҩреи ирызкыз апресс-конференциа.

АҞӘА, лаҵарамза 2 —Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа инапы аҵеиҩит италиатәи ақалақьқәа руаки Аҟәеи рыгәҭакқәа рзы аиқәшаҳаҭра. Италиатәи ақалақь ахьӡ аадыртуам, избанзар қарҭаа ақәыӷәӷәара ҟарҵар ҳәа ашәара ыҟоуп. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

"Ҳара ишаадыруала, асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәеи аԥкаанҵақәеи ҳнапы анрыҵаҳаҩлак ашьҭахь Қарҭаа ирылшо зегьы аҟаҵара иалагоит урҭ аиқәшаҳаҭрақәа русура аанкылахарц азы. Уи ҳара ибзианы иаҳҵеит. Уажәы, италиатәи ақалақь абасеиԥ анырра арымҭарц азы ахьӡ ӡыраагом", — иҳәеит Ҭаниа.

Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ААР ахҭыс ишазхьаԥшхьоу, иарбан қалақьу аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз еилаҳкаауеит ҳәагьы шырҳәахьоу.

Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа иҳәеит Аԥсны ААП ахаҭарнакра Италиа аартреи агәҭакқәа рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи атәылазы хра змоу усны ишыҟоу.

Иара еиҭеиҳәеит зыӡбахә рымҳәо италиатәи ақалақь шотландиатәи ақалақь Килмарнок ашьҭахь ишыҩбатәиу, асеиԥш аиқәшаҳаҭра ахьҳабжьоу.

"Ҳара ҳаҟан егьырҭ италиатәи ақалақьқәа рҟынгьы. Иҟоуп ԥхьаҟазы аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра иахәаԥшыр ахьалшо", — иҳәеит Ҳаразиа.

Иара игәаанагарала ишаҳҭаху еиԥш ирццакымзаргьы Европатәи ашәқәа ҳзаатуеит. Ишаҳҭаху еиԥш зегьы ҟаларц азы аусура ӷәӷәаны иаҭахуп, аамҭагьы иара убас.

Ҭаниеи Ҳаразиеи ражәақәа рыла Аԥсны ААП Италиаҟа инанагаз аалыҵ ахаҭабзиара акыр иргәаԥхеит аԥшәмацәа, иагьазгәаҭан аԥснытәи аҩқәа италиатәиқәа иаарываҟәало ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0