Тулисов: ахәыҷқәа чмазаҩымхарц азы алаҵақәа рзыҟаҵалатәуп

© Sputnik / Томас Тхайцукалаҵақәа
алаҵақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа аибашьр ашьҭахь алаҵақәа раагара мҩаԥнагоит ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ).

АҞӘА, лаҵарамза 3 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҭаацәа рымдырреи еиуеиԥшым, зҵара-зымцра еилкаам ажәабжьқәеи ирхырҟьаны ирацәаҩуп алаҵа ззыҟаҵам ахәыҷқәа. Усеиԥш иҟоу ахәыҷқәа еиҳа еиҳаны ачымазарақәа рыдаапкылоит ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) аҟазауаҩ Андреи Тулисов.

Жәларбжьаратәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара иҟанаҵо абжьагарақәа рыла адунеи аҟны 95% ауааԥсыра алаҵақәа рзыҟаҵазар ауп.

"Алаҵа мап ацәкра аепидемиа арҿиар алшоит. Ишәгәалашәозар шықәсқәак раԥхьа Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟны аимҳәаршәаа ҵысны иҟан, аԥсыҭбара зцыз ахҭысгьы ыҟан. Иахьатәи аамҭазы аимҳәаршәаа алаҵа узыҟаҵазар ихьанҭоу чмазараны иԥхьаӡаӡам. Аха ичмазаҩхаз ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵамызт", — иҳәеит Тулисов.

Иара иажәақәа рыла аԥсуа уаажәларра ргәы бзиахарц рҭахызар, ИУНИСЕФ урҭ рыцхраара иазыхиоуп. Ари аиҿкаара Аԥсныҟа иаанагоит атуберкулез, агепатит, аполиомиелит, адифтериа уҳәа зшьаҽуа алаҵақәа.

20 шықәса инареиҳаны абри аус аҿы аԥышәа змоу Андреи Тулисов иазгәеиҭоит хра зманы иубо аметодика ауаа ирыдумгалар шамуа.

"Ҳақьымк иҳасаб ала аинтернет аҟны ицәырҵуа агәаанагарақәа ирхьырԥшымкәа исымҳәар ауам алаҵа хра шамоу. Алаҵа иахьазы хра амоуп, агәабзиаразы шәарҭара аҵам. Жәларбжьаратәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара иҟанаҵо абжьагарақәа ИУНИСЕФ-гьы иҟанаҵоит. Алаҵа ианаамҭоу иҟауҵар ауп. Иахьазы адунеи аҟны 95% ауааԥсыра алаҵақәа рзыҟаҵазар ауп.Ҳара алаҵа аагоит – уи нахыс аус злоу шәара шәоуп", — иҳәоит Тулисов.

Астатистика инақәыршәаны ақыҭақәа рҟны алаҵаҟаҵаразы аҭагылазаашьа еиҳа ицәгьоуп ақалақьқәа рҟны аасҭа.

"Уи зыхҟьо ареспубликаҿ аус зуа 64-ҩык апедиатрцәа рҟынтәи аиҳараҩык ахьыҟоу Аҟәа ауп. Иҟоуп араионқәа апедиатр зынӡагьы дахьыҟам, ус аамҭа-аамҭала инеиуа ракәымзар", — иҳәеит иара.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла ареспубликаҿ аус руеит 64-ҩык апедиатрцәеи 11-ҩык анеонатологцәеи. Шықәсык аҩныҵҟа бжьаратәла 5 600-ҩык ахәыҷқәа алаҵа рзыҟарҵоит. Ареспубликаҟны ахархәара амоуп "алаҵақәа рымзар".

"Алаҵақәа рымзар инақәыршәаны еиҿкаауп асхема – ахәыҷы алаҵа анизу адырразы. Иара адунеитә стандартқәа ирықәшәоит", — иҳәоит Андреи Тулисов.

Ажәабжьқәа зегьы
0