12-тәи арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа12-тәи арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра
12-тәи арра-спорттә хәмарра Аиааира мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" рҽаладырхәит 110-ҩык Гагратәи ашколхәыҷқәа.

ГАГРА, лаҵарамза 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса Гагра араион аҵара аҟәша Аиааира Ду аламҭалаз, ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥыргоит арра-спорттә хәмарра "Аиааира". Сынтәа уи рхы аладырхәит 11 школ рҟынтә 110-ҩык ахәыҷқәа.

Акомандақәа еицлабуан ар рашәа нагӡауа ацәаҳәа ақәсраҿы, автомат аимыхреи аибыҭареи рҿы, арҭҟәацга аршәраҿы, аҽышьҭхраҿы, шәки, аашәи, зқьы хәышә метри аҩреи рыла.

Ашколхәыҷқәа реицлабра ахәшьара арҭон, аҵара аҟәша аспециалистцәеи арра-патриоттә ааӡара амаҭәар арҵаҩцәеи рыла ишьақәгылаз аӡбаҩцәа ргәыԥ.

Арра-спорттә хәмарра алахәцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит адгылара рырҭарц иааз Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбари араион ашколқәа рдиректорцәеи.

"Гагра араион ашколхәыҷқәа ари арра-спорттә хәмарраҟны ианакәзаалак алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит. Ҩышықәса инеиԥынкыланы, Гагратәи еизгоу акоманда ареспубликатә тур аҟны актәи аҭыԥ ааныркылахьеит. Агәрагара ҳамоуп, ҳаԥхьаҟагьы ари аҩаӡара ишацәхьамҵуа", — иҳәеит Беслан Дбар.

Иара убас, араион аҵара аҟәша аиҳабы иазгәеиҭеит, арра-спорттә хәмарра иалахәу, аԥсадгьыл уаҵәтәи ахьчаҩцәа шракәу. Убри инамаданы, арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәахоит, еиҵагыло аҿар абџьар имарианы рнапаҿы ааиреи, аспорттә зыҟаҵара бзиа аиуреи. Еиҵагыло абиԥара ирзеиӷьеишьеит, Аиааира рыԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы рҟны ирыцзарц.

Иазгәаҭатәуп, арра-спорттә хәмарраҟны аҷкәынцәа инарываргыланы алҵшәа бзиақәа шаадырԥшуа аҭыԥҳацәагьы.

"Арҭ аицлабрақәа рҟны есышықәса ашколхәыҷқәа рхы бзианы иаадырԥшуеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан иубаратәы иҟоуп, аиааирахь агәазыҳәара шрымоу. Ҷкәыни ӡӷаби еилымхкәа уаарылаҽхәаратәы рхы мҩаԥыргоит", — ҳәа инаҵишьит арра-патриоттә ҽазыҟаҵаразы Гагра араион аҵара аҟәша аспециалист хада Гамлет Елбакиан.

Арра-спорттә хәмарра араионтә тур иалахәыз 11 школ рахьтә, аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит абарҭ акомандақәа: Гагратәи абжьаратә школ №1 – 1-тәи аҭыԥ, азыҟаҵаҩ Махаз Ешба, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 – 2-тәи аҭыԥ, азыҟаҵаҩ Едгар Кьетиа, Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №1 – 3-тәи аҭыԥ, азыҟаҵаҩ Ншан Каленџьиан.

Ахатәы зшьаҟны иреиӷьыу алҵшәақәа аазырԥшыз аҵаҩцәа алахәхоит арра-спорттә хәмарра ареспубликатә тур, еизгоу Гагратәи акоманда иаланы.

Арра-спорттә хәмарра, Гагратәи араионтә тур иалахәыз акомандақәа зегьы, хымԥада аиааира ргәы азыҳәон, аха ихьанҭаз аиндаҭларақәа иалыркааит рхатәы фырхацәа.

Ашколхәыҷқәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит ари арра-спорттә хәмарра алахәра агәахәара ду шырнаҭаз. Аԥхьахәқәа згаз ракәзар, адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит рҩызцәа рҟынтә.

Ажәабжьқәа зегьы
0