ИУНИСЕФ Аԥснытәи ашколқәа ҳамҭаны ирынаҭеит алабҿабатә цхыраагӡақәа

© Sputnik Роберт ДжопуаООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аԥснытәи ашколқәа ҳамҭаны ирынаҭеит алабҿабатә цхыраагӡақәа
ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аԥснытәи ашколқәа ҳамҭаны ирынаҭеит алабҿабатә цхыраагӡақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
700-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи арҵаҩцәа рхы аладырхәит ИУНИСЕФ имҩаԥнагоз атреннингқәа.

АҞӘА, лаҵарамза 6 — Sputnik, Роберт Џьопуа. ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аԥснытәи ашколқәа ҳамҭаны ирынаҭеит алабҿабатә цхыраагӡақәа. Афонд Аҟәатәи аофис адиректор Готфрид Ханне иажәақәа рыла ацхыраагӡақәа рахь иаҵанакуеит атаблицақәа, ахсаалақәа, аглобусқәа уҳәа ашколқәа рҟны химиа, физика, биологиа, агеографиа дырҵаразы ихымԥадатәины иҟоу.

"Аметодологиа ҿыцқәа ухы ианаурхәо алабҿабатә материалгьы умазароуп. Ахәыҷқәа ирҵо лабҿаба ианырбо еиҳа ирзымариоуп агәынкылара. Убри азы ҳатреннингқәа ирылахәыз ашколқәа иахьа аҳамҭақәа рзаҳшеит", — иҳәоит аофис адиректор.

"Ҳаамҭазтәи аметодологиақәа аҵаҩы аҵара агьама иркра. Аинтерес иҭара иазырхоуп", — иҳәеит Готфрид Ханне.

Иара иажәақәа рыла хымштәи атреннингқәа Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны имҩаԥган Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ацхыраарала. 700-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа алахәын.

Готфрид Ханне иазгәеиҭеит ԥхьаҟазы Аԥсны аҵара ахаҭабзиара ашьҭыхразы 40 школ рыҟны ишышьақәыргылахо апрограмматә еиқәыршәагақәа.

ИУНИСЕФ Аԥсны аус ауеит 1994 шықәса раахыс. Аусурақәа мҩаԥнагоит агәабзиарахьчара, аҵара, аҿар реизҳара, ахәыҷқәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәра уҳәа аусхкқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0