Ахалахьырхәра

CC0 / / Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыцаҿ иҟалеит ауаҩшьра, уи еиԥшу ахҭыс Аԥсны иҟалахьеит изныкымкәа, иҟалаз аҭагылазаашьа дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Лаҵарамза 6 2017 шықәсазы автомат ҭырҟьаны дыршьуеит 33 шықәса зхыҵуаз Мадина Занҭариаԥҳа. Убри азы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳауа ала, "ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылоуп лашьа 1985 шықәса рзы ииз Рамин Занҭариа". 

"Ҭаацәаратә драмоуп" рҳәоит асоциалтә даҟьақәа рҿы ари иалацәажәо. Заҟантә иҟалахьоузеи, ахалахьырхәра, ахалаусӡбара иахҟьаны ари аҩыза ахҭысқәа. Аамҭак азы, иалацәажәон Гәдоуҭа араион аҿы, "смс зауз аԥҳәыс лҭынхацәа лҽылдыршьит" ҳәа, иҟан агәаанагарақәа "дыкнарҳаит, нас лҽылшьызшәа ахьӡырҵеит" ҳәа. Уи аус хырҩа азун, аӡәгьы изҭымҵааит аԥҳәыс дзыхдырҟьаз, илҭахашьахаз.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ацәгьоуреи ахьырхәреи

Аибашьра еилгазар, акырынтә иҟалахьеит, ауаҩы иаҳәшьа, ма иан дишьуа, ҭаацәала иқәибахуа. "Ҭаацәаратә трагедиоуп" ҳәа хырҩа азуны инаҩсуа иалагеит ауаажәларрагьы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ашьоура захьӡугьы ахы ыҵнахит. Ашықәс ҿыц алагамҭазы, зашьа дыршьыз, ршьа руит рхала, лабҿаба амца наицраҵаны. Абас иҟалеит аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥстазаараҿы — ахалахьырхәра — захьӡу азы аҭагылазаашьа.

Ас иҟалозар, изаҳҭахузеи ҳара азинхьчаратә усбарҭақәа, изаҳҭахузеи "изинтәу аҳәынҭқарра" ҳәа Азакәан хада иану ахәҭаҷқәа. Уара иуааӡаз ухшара, мамзаргьы, уашьа, уахәшьа рышьра азин уманы ҟалашьас иамоузеи?! Ари агәнаҳарақәа иреиҳау гәнаҳароуп.

Уажәтәи атрагедиа ҳазааҭгылозар, аофициалтә ҳәамҭа ишаҳнарбо ала, аиашьа иаҳәшьа дишьит "иӡбаны, абџьар аныҟәгаразгьы азин имамкәа". Ашьра ҟазҵаз даанкылоуп, абахҭа дҭакуп Аҟәатәи аусӡбарҭа ишаӡбаз ала, макьаназы "аус ҭырҵаауанаҵы ҩымыз ҽҳәарас иҭаны".

Аҟәатәи апрокуратура Занҭариа иганахь ихацнаркит аус, азакәан 1-тәи ахәҭа 99-тәи, 2017-тәи ахәҭаҷқәа рыла. Аофициалтә информациаҿы иарбам ауаҩшьра зыхҟьаз, ҵаҵӷәыс иамаз атәы, "аимак ироуз иахҟьаны", аҳәоит аацҳамҭаҿы ажәа еизадала.

Ишаадыруа ала, бжеиҳан, ас еиԥш иҟоу атрагедиақәа реиҳарак, аԥсуаа "ахымҩаԥгашьа" ҳәа изышьҭоу иахылҿиаауеит. Иныҵыҩ-ааҵыҩны иҳаҳауа ала, иршьыз аҭыԥҳагьы вбас илырҭоз "ахымҩаԥгашьа" ауп. Макьаназы, ажәлар ари иаахтны иалацәажәом, аиашаҵәҟьагьы нҭырҳәцааны издыруагьы маҷҩуп, иара атрагедиа иалаԥшыз рыда. Даара игәаӷьуацәоуп алацәажәара, аха аԥҳәыс ас иаалгәыдҵаны лышьра аԥсуа традициақәа ирыхәҭакуп ҳәа аҳәара абанӡаиашоу?

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Сара санду Габлиаԥҳа Татиана 1903 шықәса рзы ииз лакәын. Илдыруаз рацәан атрадициақәа инадыркны, ижәытәӡатәиу аҳәамҭақәа рҟынӡа. Ахаҵеи аԥҳәыси "рхымҩаԥгашьа" инадҳәаланы, санду ишылҳәоз ала, зегь раԥхьаӡа иргыланы авба зырҭоз ахаҵа иакәын.

Иманшәаламыз ҭагылазаашьак ҿиар, еизон аижәлантәқәа рыҩганк, имҩаԥыргон аизара, нас, убраҟа ирыӡбуан иҟарҵашаз. "Дидыргон", лҳәон санду абарҭқәа ахҳәаа рызуа. Иахьдырхәуаз ахаҵа иакәын, аԥҳәыс илгәыдҵаны дыршьуамызт. Уимоу, иара ахаҵа аҭаацәара далазаргьы, зегь акоуп, аԥҳәыс лаҳаҭыр шьҭызхшаз аган ала ирыӡбуан. "Дидыргон", еиҭалҳәон санду.

Акыр здыруаз ауаа, ишақәанагаз еиқәдырҽаҽон аус. Аԥсуа хаҵа еснагь идыруазар акәын, ихымҩаԥгашьазы аҭак ҟаиҵар шакәыз. Сгәы иаанагоит хара ицатәым, жәлар рырҿиамҭақәа шьаҭас измоу Иуа Коӷониа ипоема "Маршьанаа шықәеибахыз" ҳаԥхьар иаҳбоит, лахь зырҭаз, мамзаргьы изабашьуаз ахаҵа шиакәыз. 

Аибашьра ашьҭахь, иалымшеит азакәани атрадициақәеи еиҿыбааны рықәныҟәара. Имариахеит автомат аашьҭыхны, ауаҩы аҟәҟәаҳәа игәыдҵаны ишьра. Арҭқәа рылацәажәара аҭахуп. Зыгра зӡаз иан дагеит рҳәеит. Ҳара иҳамоуп Абыргцәа рхеилак, Ауаажәларратә палата захьӡу аинститутқәа. Нас, урҭ абас еипш иҟоу ахҭысқәа иаахтны ирыламцәажәозар, иалацәажәарц зыхәҭада? 

Иџьоушьаша, ауаҩы аҳәынтқарра даҵаӷьычуазар хьымӡӷӡам, аполитикцәа ирҳәо ражәа рзынамыгӡозар уамак ибаргәым, аибашьра иалагар абџьар зкыша иԥсадгьыл аанижьыр ԥхашьараӡам. Ихьымӡӷны иаанхаз, аԥсуа ԥҳәыс ллахьынҵа мацароуп. 

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0