Еиҭа аԥхьа дгылоуп: 400 000-ҩык рҟынӡа Лера лзы рыбжьы рҭихьеит

© скриншот 400 000-ҩык рҟынӡа Лера лзы рыбжьы рҭихьеит
400 000-ҩык рҟынӡа Лера лзы рыбжьы рҭихьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура, арадио Sputnik НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит.

 АҞӘА, лаҵарамза 10 — Sputnik. 11-шықәса зхыҵуа Валериа Адлеиаԥҳа лзы рыбжьы рҭихьеит 400 000-ҩык инареиҳаны аинтернет ахархәаҩцәа. Уажәы лара онлаин-абжьыҭирала актәи аҭыԥ аанылкылоит. Лера длышьҭанеиуеит Владимир Климовски. Иара Лера лаасҭа 2 000 бжьы рыла деиҵоуп.

Лера лзы абжьыҭира ҟалоит Sputnik Аԥсны апортал аҟны, иара убасгьы асоциалтә ҳақәа рҟны. Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла аԥыжәара зауз ироуеит алшара арадио Sputnik аҟны иқәгыларц. Лера – амузыкатә конкурс "Ты супер!" аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылоит.

Валериа Адлеиԥҳа шәыбжьы лышәҭар ҟалоит абра

Актәи атур аан иналыгӡаз Лара Фабиан лашәа "Адажио" (Adagio) ахәшьара ҳаракны иарҭеит ажиури реиԥш ахәаԥшцәеи азыӡырыҩцәеи. Лера аконкурс аҩбатәи аетап ахь днеиит. Аҩбатәи аетап аан Лера иналыгӡеит британиатәи ашәаҳәаҩ Адель иналыгӡо ашәа "Hello". Лера илылшеит афиналбжахь анеира.

Ахәыҷтәы вокалтә конкурс Ты супер! амузыкатә продиусер, ажиури алахәыла Виктор Дробыш - Sputnik Аҧсны
Виктор Дробыш еиҭеиҳәеит артист ҷыда ҟазшьаны имазар акәу зегьы дрылукаарц азы

НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит. Иара иалахәуп ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит.

Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа. "Ты супер!" мҩаԥигоит ТЕФИ занашьоу Вадим Такменев. Аконкурс иалахәуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, рҭтәыла, Беларуссиа, Молдова, Естониа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар. "Ты супер!" аларҵәоуп, аӡыргарагьы аҭоуп Урыстәыла Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра иҟанаҵо адгыларала. Ахы инаркны ахәыҷқәа ирыцуп амедицинатә персонал, арҵаҩцәа, аԥсихологцәа. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0