ААК алхырҭатә ҭыԥ № 17 аҟны имҩаԥысран иҟоу аиҭалхрақәа рзы: зегьы хиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАцентртә Алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа
Ацентртә Алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь аиҭалхрақәа алхырҭатә ҭыԥ № 17 аҟны имҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 14 2017 шықәса рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Алхырҭатә ҭыԥ № 17 Жәлар Реизарахь имҩԥысраны иҟоу алхрақәа ирызхиоуп, абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит Ацентртә Алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа аԥшьаша, лаҵарамза 11 рзы.

"Иаанханы иҟоу алхратә биуллетенқәеи аԥкаанҵақәа рыбланқәеи рыҭара ауп. Уи ҳара алхрақәа ҽнак шрыбжьоу иҟаҳҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәагьиа.

ААК ахантәаҩы иажәақәа рыла, акандидатцәа рхыԥхьаӡара аҽеиҭанамкӡеит. Иара убас аҽеиҭанамкит аиҭалхрақәа рымҩаԥысшьагьы.

"Апарламент аилатәарақәа ҩынтә роуп ианымҩаԥысхьоу, Аԥсны алхрақәа рзы азакәангьы иҿыцны акгьы алагалаӡымызт. Убри аҟынтә алхрақәа мҩаԥысуеит уаанӡеиԥш", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭамаз Гәагьиа.

Лаҵарамза 14 рзы, алхырҭатә ҭыԥ №17 аҟны имҩаԥысуа аиҭалхрақәа рҿы ркандидатурақәа ықәгылоуп ҩыџьа – Леонид Лакербаиеи Леонид Чамагәуеи.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара зыҿҳәара нҵәахьоу атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара иацырҵеит лаҵарамза 15 2017 шықәсанӡа, алхрақәа изҭахәу рхы рыладырҳәырц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0