“Шьынқәбатә ԥхьарақәа“ АБИГИ аҟны имҩаԥыслоит хәышықәса рыҩныҵҟа знык

© Sputnik / Томас Тхайцук Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба ишәҟәқәа
Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Институт аҿы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Ҟабарда-Балкариеи Адыга тәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку астол гьежь аатит.

АҞӘА, лаҵарамза 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Институт аҿы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи жәлар рышәҟәыҩҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазкыз астол гьежь аҟны аинститут адиректор Арда Ашәба иҳәеит ес-хәышықәса “Шьынқәбатә ԥхьарақәа“ ҳәа зыхьӡхо ауснагӡатә шымҩаԥыргало.

Астол гьежь аҟны иқәгылаз дреиуан Баграт Шьынқәба иԥа – Бенуар Шьынқәба.

"Иареи сареи аамҭак азы ҳаицәажәараан ҳазааҭгылеит ацивилизациеи амультикультуризми рызҵаара. Саб игәаанагарала урҭ амилаҭ маҷ ҭазырхо иреиуоуп. Иара иҳәон зегь раасҭа еиқәырхатәны иҟоу амилаҭ рқьабз-рҵас ауп ҳәа", — игәалаиршәоит иаби иареи реицәажәара Бенуар.

Иналукааша апоет, апрозаик, алингвист, афольклорист, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Ҟабарда-Балкариеи Адыга тәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0