Експонатда иҟоу амузеи: Баграт Шьынқәба иҩны

© Sputnik / Томас ТхайцукҶлоу ақыҭан игылоу апоет иҩны-амузеи
Ҷлоу ақыҭан игылоу апоет иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра аламҭалазы ҳкорреспондент даҭааит Ҷлоу ақыҭан игылоу апоет иҩны.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Ҷлоу ақыҭа агәаҟынтәи џьаргьы иҟам рбагак, Лаганиахәҟа, апоет дахьынхоз иҩнашҟа ушцо узырбаша. Ҳара ҳгәыԥгьы иахәҭаз ахаҵәирҭа ҳаҩсит. Аамҭақәак рышьҭахь ҳзықәшәаз ақыҭа ауааԥсыра амҩа ҳдырбеит.

Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба: аԥсуа поезиа ашаеҵәа

Уахь уназго амҩа акыр иҭагә-ҭасраны иҟазаргьы даара иԥшӡарроуп. Иаразнакгьы еилукаауеит Баграт Шьынқәба ипоезиаҿ арҭ аҭыԥ ссирқәа абриаҟара жәа зрыхҳәаау.

Баграт Шьынқәба иџьынџьҩны уажә уаҩ дахым. Ашҭа агәҭа игылоуп Евгени Евтушенко, Константин Симонов, Александр Твардовски уҳәа зымҵа итәаны ажәеинраала лыԥшаахқәа раԥхьареи урҭ рҭынч еицәажәареи бзианы изгәалашәо аҵла џарџар.

Амузеи адиректор ихаҭыԥуаҩ, Ҷлоутәи абжьаратә школ адиректор Марина Џьапуаԥҳа ҳалзыԥшнаҵы арахь дааиит ааигәа инхоз агәыла. Иара Баграт изааигәаз, Зураб Шьынқәба иакәын. Иара ԥшралагьы Баграт диеԥшнушьалон.

© Foto / из архива музея им. Баграта ШинкубаБаграт Шинкуба с неизменной трубкой демонстрирует Константину Симонову, как правильно пропалывать грядки картофеля
Баграт Шинкуба с неизменной трубкой демонстрирует  Константину Симонову, как правильно пропалывать грядки картофеля - Sputnik Аҧсны
Баграт Шинкуба с неизменной трубкой демонстрирует Константину Симонову, как правильно пропалывать грядки картофеля

Зураб иаҳзеиҭеиҳәеит Ҷлоутәи Шьынқәыраа 400 шықәса раԥхьа Нхыҵ Кавказынтәи арахь иааз ԥшьҩык аишьцәа ишырхылҵшьҭроу.

"Нхыҵ Кавказ инхо Шинкао зыжәлоуи ҳареи ҳаишьцәоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — иҳәеит иара.

Ашҭа ҭбааҭыцә аҩнадагьы иҭагылоуп аԥацха, аца, улаԥш нахьӡоит акәаҭана ацәеиха.

© Sputnik / Томас ТхайцукБаграт Шьынқәба икьыԥхьга машьынка
Баграт Шьынқәба икьыԥхьга машьынка - Sputnik Аҧсны
1/4
Баграт Шьынқәба икьыԥхьга машьынка
© Sputnik / Томас ТхайцукБаграт Шьынқәба аус ахьиуаз истол
Баграт Шьынқәба аус ахьиуаз истол - Sputnik Аҧсны
2/4
Баграт Шьынқәба аус ахьиуаз истол
© Sputnik / Томас ТхайцукБаграт Шьынқәба иҟәардә
Баграт Шьынқәба иҟәардә - Sputnik Аҧсны
3/4
Баграт Шьынқәба иҟәардә
© Sputnik / Томас ТхайцукБаграт Шьынқәба иҭысԥыҳә
Баграт Шьынқәба иҭысԥыҳә - Sputnik Аҧсны
4/4
Баграт Шьынқәба иҭысԥыҳә
1/4
Баграт Шьынқәба икьыԥхьга машьынка
2/4
Баграт Шьынқәба аус ахьиуаз истол
3/4
Баграт Шьынқәба иҟәардә
4/4
Баграт Шьынқәба иҭысԥыҳә

"Баграт адгьыл ақәаарыхра бзиа ибон. Қыҭауаҩык дшубац еиԥш анхараз иаҭаху зегьы иман", ҳәа еиҭеиҳәоит Зураб Шьынқәба.

Зураб даныхәыҷыз Баграт Џьохь ҳәа дишьҭан. "Џьохь, сара уажәы скабинет ахь снеиуеит, уара аҳаҳаи аӡә дхоумыжьлан", ҳәа сеиҳәон. Саргьы абра, аҵла амҵа стәаны иҭынчра сыхьчон", ҳәа игәалаиршәоит Зураб.

Ҳшынеицәажәоз дааиуеит Марина Џьапуаԥҳагьы, ҩыџьа ашкол аҵаҩцәа лыцны. Марина иаҳзеиҭалҳәоит жәа-шықәса раԥхьа, Баграт иҳәахьала абра амузеи шаадыртыз. Арахь иааиуеит араион ашколқәа рҟынтәи еиԥш Аҟәа, Гәдоуҭа рышколқәа рҟынтәи аҵаҩцәагьы. Аиҳарак аиубилеитә рыцхәқәа рыламҭалаз аҭааҩцәа рацәоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукЧеркеска Баграта Шинкуба
Черкеска Баграта Шинкуба  - Sputnik Аҧсны
Черкеска Баграта Шинкуба

Марина иҳалҳәеит араҟа аекспонатқәа шмаҷу. Иҟоу: иԥсы анҭаз аус здиулоз истол, иҟәардә, икьыԥхьга машьынка, иҭесԥыҳәқәа, илабашьа, икәымжәы, нас Мексика иҟазаараан ҳамҭас ирҭаз асамбреро роуп.

"Сара амузеи анаукатә усзуҩ ҳәа сыԥхьаӡоуп, аха асеиԥш имаџьаноу аекспонатқәа рыҟазаараан иҭысҵаауеи, аус здызулои", — лҳәоит Марина.

Акызаҵәык ара ирацәоу афотосахьақәа роуп. Ааигәа апоет иԥа урҭ хеирҭәааит аҿыцқәа рыла.

Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра аламҭалазы иаԥҵан аҳәынҭқарратә комиссиа, иара амузеи астатус ҳәынҭқарратәуп ҳәа ишьақәнаргылеит. Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчареи рзы аминистрра Sputnik ишазаанацҳаз ала, уажәы архиара иаҿуп Аҩны-музеи аҟны имҩаԥгатәны иҟоу аусурақәа рсиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукКовер ручной работ с изображением Народного поэта, подаренный поэту во время визита на Северный Кавказ
Ковер ручной работ с изображением Народного поэта, подаренный поэту во время визита на Северный Кавказ - Sputnik Аҧсны
Ковер ручной работ с изображением Народного поэта, подаренный поэту во время визита на Северный Кавказ

Ажәабжьқәа зегьы
0