Арӡынба: Қарҭаа еснагь еиԥш рхы аадырԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукСайт Booking
Сайт Booking - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Қарҭтәыла абжьгара аиҭеит апопулизм аҽацәхьакны аусуратә позициахь ииасырц азы.

АҞӘА, лаҵарамза 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аекономика аминистр цәгьархәыхәроуп ҳәа ишьоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Booking.com отельқәа рҟны онлаин-ҿаҵара асервисқәа рнапхгарахь иҟанаҵаз ааԥхьара.

Аминистр иажәақәа рыла Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа аҭаҩра аҟәшаҟны Аԥсны хаз иго ҳәынҭқарраны иахьарбоу агәамԥхеит.

"Ҳара ари аумҭа цәгьархәыхәраны иаҳшьоит, ибзиоу ахьгьы инанагом. Аԥсны аекономика иара аԥырхаганы иҟам, избанзар Аԥсны еиҳа иззырхоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа роуп", — иҳәеит аминистр.

Аекономика аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыра изныкымкәа рыҽшазыршәахьо Аԥсны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьатә ҿиарақәа рԥырхагахара, ареспубликахь жәларбжьаратәи акапитал аара.

Аминистр иҳәеит Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп 25 шықәса раахыс, қарҭаагьы апопулизм иацәхьаҵны ииашоу апрогматикатә позициа ааныркылароуп ҳәа.

Уаанӡа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵахьан амассатә информациатә хархәагақәа рҟны Booking.com, Airbnb.com, отельқәа рҟны аҿаҵара асервисқәа рҟны аҭаҩра аҟәшақәа рҿы Аԥсны хаз иҟоу ҳәынҭқарраны иарбоуп ҳәа.

Booking.com шьаҭаркуп Нидерланды, 1996 шықәса рзы. Аштаб-квартира Амстердам иҟоуп. Airbnb анхарҭа ԥшаара ахьалшо ҭыԥуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0