Ацәаҳәақәгыла аҽазыҟаҵараз аконкурс мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАцәаҳәақәгыла аҽазыҟаҵараз аконкурс мҩаԥысит Аҟәа
Ацәаҳәақәгыла аҽазыҟаҵараз аконкурс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәаҳәақәгыла аҽазыҟаҵараз аконкурс мҩаԥысит Аҟәа. Иара рҽаладырхәит 250-ҩык Аҟәатәи ашколхәыҷқәа. Абри атәы ҳаиҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аҟаза хада Ҭемыр Начҟьебиа.

АҞӘА, лаҵарамза 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аиааира ду 72-шықәса ахыҵра иазкыз ацәаҳәақәгыла аҽазыҟаҵараз аконкурс мҩаԥысит Аҟәа ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аҟаза хада Ҭемыр Начҟьебиа.

"Аконкурс есышықәса имҩаԥысуеит. Иахьа иара иалахәуп 250-ҩык ашколхәыҷқәа", — иҳәеит Начҟьебиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСмотр-парад строевой песни на сухумской набережной
Смотр-парад строевой песни на сухумской набережной - Sputnik Аҧсны
Смотр-парад строевой песни на сухумской набережной

Аконкурс х-етапкны ишьақәгылоуп. Актәи аетап аан акомандир иахь анеишьа, аныҟәашьа, аҭыԥ аҟны ахагьыжьышьа мҩаԥыргоит, аҩбатәи аҟны — рҽеиҟаратәны ацәаҳәа иқәгыланы амҩаԥысшьа аадырԥшуеит, ахԥатәи аҟны – аритми авокали аадырԥшыроуп.

Аотриадқәа ркомандирцәа рхымҩаԥгашьа хазы ахәшьара арҭоит. Аконкурс хацдыркаанӡа иара алахәылацәа неиит Идырым абаҟахьы ашәҭшьыҵәрақәа рықәҵаразы.

Аҟәатәи абжьаратә школ №8 арратә зыҟаҵаразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Рауль Черқьезиа иҳәеит, акциа Аиааира амш аҽны амҩаԥгара шазыԥхьагәаҭаз, аха амш аҭагылазаашьа иахҟьаны ишахыгаз.

"Акциа Аиааира амш аҽны амҩаԥгара азыԥхьагәаҭан, аха амш аҭагылазаашьа иахҟьаны иахаагеит. Иара иахықәкны иҟоуп ҳашколқәа рҟны арратә ус аҵара шымҩаԥысуа дырбара", — иҳәеит Черқьезиа.

Отриад-цыԥхьаӡа 16-16-ҩык рыла ишьақәгылан. Руак ажәытә солдаҭ форма ршәын, егьырҭ – асовет аамҭаз иныҟәыргоз аформа ршәын.

Аҟәатәи абжьаратә школ № 8 аотриад акомандир Викториа Ес-оглы, аконкурс алахәылацәа рҟынтәи реиҳа аԥышәа змоу дреиуоуп.

"Сара сгәаанагарала абри аконкурс ахәыҷқәа апатриотизм рылааӡара иазырхоуп. Ҳара еснагь иаҳгәалашәозароуп ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыԥсадгьыл шырыхьчоз", — лҳәеит лара.

Аконкурс алахәылацәа цәаҳәақәгыларыла аныҟәара адагьы инарыгӡеит аԥсышәалеи урысшәалеи ашәақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0