Аресторан "Амра" ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАресторан "Амра" ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит
Аресторан Амра ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аресторан "Амра" ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит, убри инамаданы аусура аамҭала иаанкылоуп.

АҞӘА, лаҵарамза 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵарамза 15 рзы аресторан "Амра" ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит, ҳәа Sputnik акорреспондент аресторан арендатор Зураб Џьергьениа.

"Ҳара аресторан аԥхын иааҳартлон, уажәы уахь анеира шәарҭоуп азы иаҳаркыроуп", — иҳәеит иара.

Мызк аԥхьа асқьала ахәҭа ҭабгахьан, усҟан Џьергьениа ауаа машәыр рмыхьырц азы икәиршахьан.

Иара иажәақәа рыла аилабгара иаҿу аресторан "Амра" еиҭашьақәыргыланы ажәытә, асовет аамҭақәа рзы иамаз ахьӡ азырхынҳәтәуп.

"Уи азы аԥара маҷымкәан иаҭахуп. Ҳара уа иҳауа ахашәала уи ҳзалыршом", — иҳәеит иара.

Аресторан ашьҭахь игылоуп аиахтақәа рклуб "Амра". Уаҟа рҽазыҟарҵоит 7-15 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукОбрушение части причала в кафе Амра.
Обрушение части причала в кафе Амра. - Sputnik Аҧсны
Обрушение части причала в кафе Амра.

"Ушьҭа ахәыҷқәагьы уахь изнеиуам. Аҳәынҭқарра ацхыраарада аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵара залыршахом. Аклуб аҟны рҽазыҟаҵоит шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа", — иҳәеит аклуб аусзуҩ.

Аресторан "Амра" ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи даара бзиа ирбоз ԥсшьарҭа ҭыԥны ишьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0