Тҟәарчал араион ауаҩԥсы Қырҭтәылеи Аԥсныи рҳәаа ахысраан иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТҟәарчал араион ауаҩԥсы Қырҭтәылеи Аԥсныи рҳәаа ахысраан иԥсҭазаара далҵит
Тҟәарчал араион ауаҩԥсы Қырҭтәылеи Аԥсныи рҳәаа ахысраан иԥсҭазаара далҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Оқәым ақыҭа ауаҩԥсы Қырҭтәылеи Аԥсныи рҳәаа ахысраан иԥсҭазаара иалҵра шьақәдырӷәӷәеит уахь инеиз ацхыраара ласы абригада.

АҞӘА, лаҵарамза 17 – Sputnik. Тҟәарчал араион Оқәым ақыҭа ауаҩԥсы Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ахысраан иԥсҭазаара иалҵра шьақәдырӷәӷәеит уахь инеиз ацхыраара ласы абригада.

Урҭ адырра ҟарҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзурахьы.

Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла Тҟәарчал араион Оқәым ақыҭа ауаҩԥсы Резо Џьгәубуриа ашьыжь, асааҭ 7:30 рзы апаспортгәаҭара аҭыԥ дахысны Егрытәи ацҳаҟны днеиуаны иԥсы маҷхеит.

Жәа-минуҭк рышьҭахь уахь инеиз ацхыраара ласы аҳақьымцәа уи иԥсра шьақәдырӷәӷәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0