Ҳаразиа: аинвестор аресторан "Амра" аиҭашьақәыргылара дазыхиоуп

© Sputnik / Томас Тхайцукаинвестор аресторан "Амра" аиҭашьақәыргылара дазыхиоуп
аинвестор аресторан Амра аиҭашьақәыргылара дазыхиоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аресторан "Амра" ашҟа уназгоз асқьала ахәҭак ҭабгеит лаҵарамза 15 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа аинвестор аресторан "Амра" аиҭашьақәыргылара дазыхиоуп ҳәа иҳәеит.

"Аобиект зҵазкуа "Абхазуниверсалторг" ауп. Аамҭақәак рзы иара аӡәы иааникылеит, нас аиҭаҭира иалагеит. Уажәы ҳара еилаҳкааит аобиект аанызкылаз ирымызхәааз аинвестор дшыҟоу, аха иара адокументқәа инапаҟны икым", — иҳәеит иара.

Ҳаразиа еиҭеиҳәоит лаҵарамза 16 рзы аинвестори иареи аицәажәара шрымаз, аинвестор дшазыхиоу аресторан аиҭашьақәыргылара.

"Амра" аиҭашьақәыргылара аԥара рацәаны иаҭахуп. Ақалақь Ахадара уи азы алшарақәа рымам. Шәара ижәдыруеит "Амра" аҳҭнықалақь аҟны бзиа еицырбоз ҭыԥны ишыҟаз", — иҳәоит Ҳаразиа.

Аресторан Амра ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит - Sputnik Аҧсны
Аресторан "Амра" ашҟа уназго асқьала ахәҭак ҭабгеит

Аресторан "Амра" аиҭашьақәыргылара далагарц азы аинвестор аҳәара ҟаиҵеит адокументқәа реиқәыршәараҿы ацхыраара иаҳҭарц, ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.

"Аиҳабыра, Апарламент рахь аҳәара ҟасҵоит аресторан аҭира азин ҟарҵарц", — иҳәоит Ҳаразиа.

Адгәыр Ҳаразиа ишиҳәаз ала аинвестор архитектура Аусбарҭахь апроект неигахьеит.

"Аинвестор исеиҳәеит, адокументқәа шиоузҵәҟьа аусурақәа шхациркуа", — иҳәеит Ҳаразиа.

Аресторан ашьҭахь игылоуп аиахтақәа рклуб "Амра". Уаҟа рҽазыҟарҵоит 7-15 шықәса зхыҵуа шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.

Аресторан "Амра" ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи даара бзиа ирбоз ԥсшьарҭа ҭыԥны ишьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0