Акциа "Аҵх амузеи аҟны" Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҟны
Аҵх амузеи аҟны мҩаԥысит Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш аҳәаақәа ирҭагӡаны Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит "Аҵх амузеи аҟны" захьӡу акциа. Араҟа еиҿкаан амҳаџьырра иазкыз астол гьежь, иара убасгьы иӡырган аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа акциа "Аҵх амузеи аҟны" хынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи, аха раԥхьаӡа акәны имҩаԥган Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аҟны.

Амузеи аҩналарҭаҿы улаԥш нараахон Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаҩцәа рҭыхымҭақәа. Дара ирылукаауан Баграт Шьынқәба ишәҟәы "Ацынҵәарах" амотивқәа рыла иҭыхыз асахьақәа. Ахәыҷқәа иаадырԥшуан амҳаџьырра иадҳәалаз аҭоурых хҭысқәа.

"Ацәыргақәҵа атематика хада мҳаџьырроуп. Асахьақәа рыла ахәыҷқәа рҽазыршәеит арҭ ахҭысқәа раарԥшра. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәыргақәҵоуп жәаба рҟынӡа усумҭа", — иҳәеит амузеи адиректор Џьамбул Инџьгьиа.

Иара иажәақәа рыла, дара сынтәа ирыӡбеит адунеи зегьы аҿы имҩаԥырго акциа рҽаладырхәырц.

"Акультура аминистрра аофициалтә шәҟәы ҳзаарышьҭит, ҳаргьы уи гәахәарыла ақәҿаҳҭит", — иҳәеит Инџьгьиа.

Ахәыҷқәа ракәзар ргәырӷьара ҳәаак амамызт асеиԥш иҟоу аус иахьалахәхаз азы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в Музее" в музее им. Бейгуаа
Акция Ночь в Музее в музее им. Бейгуаа - Sputnik Аҧсны
Акция "Ночь в Музее" в музее им. Бейгуаа

Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш аламҭалазы ауснагӡатәқәа зегьы абир ахҭыс иадҳәалан. Амҳаџьырра аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы реиҳа ирыцҳараз хҭысын.

"XIX ашәышықәсазы аԥсуаа ррыцҳаар зыхҟьаз 1866 шықәсазтәи аԥсуаа рықәгылароуп. Александр II иашьа Михаил Николаи-иԥеи ирыӡбеит аԥсуаа ақәнага иақәдыршәарц. Аԥхьазы иазыԥхьагәаҭан ажәлар рыхәҭак Урыстәылатәи аимпериахь рахыгара", ҳәа азиԥхьаӡоит аҭоурыхдырыҩ Сослан Салаҟаиа.

Аԥснытәи амузеи Москваҟа аекспозициақәа агоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи амузеи Москваҟа аекспозициақәа агоит

Аха нас иӡбан Османтәи аимпериахь рахыгара. Иааидкыланы иахыган 500 000-ҩык аԥсуаа. Рыԥсадгьыл аҟны иаанхеит 19000-ҩык ауааԥсыра, иҳәоит аҭоурыхдырыҩ.

Абри аҽны иӡырган Руслан Гәажәба ишәҟәы "Дал-Цабал – 1967 год. Тамги абхазов, абазин и убыхов". Автор иажәақәа рыла ари ашәҟәы аҩбатәи атом ауп. Актәи атом "Из истории кавказской диаспоры абхазы — убыхи" ҭыжьын 2014 шықәса рзы.

Ашәҟәы аҟны еизгоуп 1000 инареиҳаны аԥсуааи, абазақәеи, аубыхқәеи рдамыӷақәа.

"Ари ихарҭәаау сиаӡам", — иҳәоит автор.

"Ашәҟәы азкуп аԥсуаа ррыцҳара ду – амҳаџьырра. "Аӡы ахьышьҭрахь игьыжьуеит" ҳәа шырҳәо еиԥш иахьазы амҳаџьырқәа рыхҭылҵра ртәыла иазыхынҳәуа иалагеит. Усеиԥш аҭагылазаашьа ҟалеит. Аҳәаақәа аатит", — иҳәеит Гәажәба.

"Аҵх амузеи аҟны" жәларбжьаратә культуратә акциоуп. Ихацыркуп Франциа, 1999 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0