Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу авиртуалтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, атеррористцәа ршьаҟьеит.

АҞӘА, лаҵарамза 19 – Sputnik. Атанкқәа Т-72Б3 урыстәылатәи рекипажи ПТУР "Штурм-С" аоператорцәеи атренажиорқәа рҟны авиртуалтә ҽазыҟаҵара иахысит, 150 рҟынӡа атеррорҿагыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсныи Урыстәылеи рҿар реизара мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсныи Урыстәылеи рҿар реизара мҩаԥыргоит

Аӡынтәи аҽазыҟаҵарақәа 200-ҩык рҟынӡа аруаа алахәын. Атренажиорқәа аибашьраҵәҟьа аҭагылазаашьа аадырԥшуеит.

Аруаа иааидкыланы 150 рҟынӡа атеррорҿагыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит.

Аруаа азыҟаҵарақәа мҩаԥыргон арратә қалақьқәеи иара убас аполигонқәа

"Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагвалоу" рҟны.

Аконтртеррористтә ҟәшақәа арратә қалақьқәеи, аскладқәеи, арратә техника апаркқәеи егьырҭ арратә обиектқәеи «рықәлара» ааныркылон, иара убасгьы амедицинатә цхыраара амҩаԥгашьа рҵон. Антитеррор агәыԥ асапиорцәа анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥыргон ҳәа арбоуп Арратә округ апресс-маҵзураҿы.

Ахархәара рыҭан акәылӡы транспортерқәа БТР-82АМ, акәылӡтәы автомобилқәа КамАЗ-5350 "Мустанг".

Ажәабжьқәа зегьы
0