Абџьар аҩысҭаа дҭатәоуп

CC0 / / Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы иаҳбо ҳалагеит, ахалахьырхәра, ашьоура уҳәа, аԥсҭазааратә ӷыӷеибагара иахҟьаны ауаҩшьрақәа шцәырҵыз, абри аҭагылазаашьа дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik, Елеонора Коӷониаԥҳа

Аибашьра анеилгаз ашьҭахь, акыраамҭа аҭыԥ рыман урҭ рҩызцәа ахҭысқәа. Аамҭак азы еиҳа ҭынчран.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахалахьырхәра

Хымԥада, ацәгьоурақәа есқьынагьы имҩаԥысуан, аха, ашьоуреи ахалахьырхәреи рышьҭыбжь уамак иҳаҳауамызт. Мчыбжьык аԥхьа, "Ахалахьырхәра" захьӡыз санҵамҭа Sputnik адаҟьаҿы икьыԥхьын. Уи азкын, аҳҭнықалақь Аҳабла ҿыц ҳәа иахьашьҭоу иҟалаз ауаҩшьра.

Аиашьа иаҳәшьа дишьит, "лхымҩаԥгашьа" мзызс инаҭаны. Ашьра ҟазҵаз, абџьар аныҟәгара азин имамызт, аофициалтә информациа ишҳанаҳәаз ала. Дҭархоуп 33 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа. Дыршьит, избанзар, ахацәа ирыӡбеит абас "рыхьымӡӷ" рхырхырц.

Ари ажәлар рыбжьы ныҵак излацәажәо ауп, аха бжьыҭгала уамак аӡбахә рҳәом. Ирҳәом, избанзар, ус иақәнагоуп ҳәа изшьогьы маҷҩым, насгьы, ҭаацәаратә драмоуп, алацәажәарагьы уамак иаԥсам ҳәа ргәы иаанагозар ҟалоит. 

Арҭ амшқәа ирылагӡаны иҟалеит дырҩагьых ауаҩшьрақәа, актәи аигәылацәа рӷыӷеибагара иахҟьеит, аҩбатәи, лаҵарамза 6 2017 шықәсазы автомат ҭырҟьаны иршьыз Мадина Занҭариаԥҳа илыдҳәалоуп рҳәоит. Лаҵарамза 18 2017 шықәсазы абџьар ҭырҟьаны дшьуп, 1992 шықәсазы ииз Арнольд Акаба.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳауа ала, уи ишьразы "гәҩарас дҟаҵаны даанкылоуп, Тамшь ақыҭан ииз, Аҟәа инхо атәылауаҩ". Аацҳамҭаҿы иарбаӡам, гәҩарас ирымоу ихьӡи ижәлеи, аха, Аԥсны атәыла хәыҷуп, убри аҟынтә, ауаажәларара ирдыруеит, иршьыз аҷкәын, зашьа иишьыаз аҭыԥҳа дышлыхдырҟьаз. Дырҩагьых ахалахьыхәра.  

Абарҭқәа зегьы уанрызхәыцуа, акыр шәышықәса раԥхьа иҟалақәоз ахҭысқәа реиҳа еицәоу авариантқәа рыла ишымҩаԥсуа убоит. Ари аанкылашьак амоур, ҳмилаҭ ҭибархар алшоит. 

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ацәгьоуреи ахьырхәреи

Ҳазҭагыло аамҭазы, абџьар ишакәым ахархәара аиуны иҟоуп, ихысуеит ақалақь агәҭа, ачарақәа рҿы, аимак змоу еибашьуеит амаҷ азы. Ас иҟоуп, избанзар, абџьар ахархәараазы аԥҟарақәеи, уи аҵәахышьеи аӡәгьы инеигӡар иҭахӡам. Атрадициақәа ртәы ҳҳәозар, анкьатәиқәеи уажәтәиқәеи хәыки шьхаки рыбжьоуп. Уаанӡатәи Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьара иахрыжьхьеит "Абџьар азы азакәан".

Уаҟа иануп, ахыхьчаразы ауаҩы ихы иаирхәо арбану, насгьы, абџьар ауаҩы инеигар ахьыҟалои иахьыҟамлои уҳәа, абџьар ахархәаразы еиуиеԥшым аԥҟарақәа. Абарҭ зегь ҳара изаҳҭахыу, ауаҩы ишьра, иҭархара аҽацәыхьчаразоуп.

Ииашоуп, ауаҩы бџьардагьы дыршьыр ауеит, аха, абџьар ауаҩы ишьразы зегь реиҳа ишәарҭоу акакәны иҟоуп, убри азоуп, уи аныҟәгара азин змамкәа зхы иазырхәо рзы, азакәан аҿы иҷыдоу ахәҭаҷ зыҟоу. "Абџьар аҩысҭаа дҭатәоуп, нан", лҳәон санду, абџьар ишакәым азныҟәара ашәараҭара шацу лдыруан азы.

Иахьа, 21-тәи ашәышықәсазы, азакәанқәа маҷымкәа ианҳамоу, уи иҳаднагало аԥҟарақәа ҳрықәныҟәом, иахьаҭыԥугьы, иахьаҭыԥымгьы абџьар ҭҳарҟьо, ҳара ҳара ҳақәибахуа ҳалагеит. "Иахьарнахыс ишьызааит ашьоура", ҳәа иҩхьан ашәҟәыҩҩы Иван Папсқьыр ироман "Аԥҳәыс лыпату" аҿы.

Иҩхьан, избанзар, ауаҩшьра иарҿио аиӷара иахҟьаны ауаа ықәибахлар алшоит. Ҳара ҳмилаҭ маҷуп, убри аҟынтә, ҩынтәынгьы ҳхы ҳахьчароуп. Аха, аҳәынҭқарраҿы азакәанқәа рықәныҟәара аныџьбарам, ауаҩы ишауа анидыруа, ихала иӡбоит ахара зду ҳәа ииԥхьаӡо иҭархара, убри аан, иаҳәшьа гәакьа димшаҭо аҟынӡа дгәымбылџьбараханы дҟалахьеит. 

Мадина Занҭариаԥҳа илхыҵуан 33 шықәса Арнольд Акаба 25 шықәса, заҟа иқәыԥшқәоузеи, заҟагьы итрагедиоузеи рыгрҿы амырҳәаӡакәа автомат иҭнарҟьаз ахы рыԥсҭазаара иахьалнахыз. Изыӡбада урҭ ахалахьырхәра амотив ала рыԥсҭазаара иалхтәын ҳәа?!

Ажәабжьқәа зегьы
0