Милена Барцыцԥҳа "Детская Новая Волна 2017" аҟны Газманов ашәа ицылҳәоит

© Фото : из личного архива Милены БарцицМилена Барцыцԥҳа
Милена Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ақәыԥшцәа рконкурс "Детская Новая Волна 2017" мҩаԥысраны иҟоуп ахәыҷтәы лагер "Артек" аҟны, Ҟрым, лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1 аҟынӡа.

АҞӘА, лаҵарамза 26 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Жәларбжьаратәи ақәыԥшцәа рконкурс "Детская Новая Волна 2017" мҩаԥысраны иҟоуп ахәыҷтәы лагер "Артек" аҟны, Ҟрым, лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1 аҟынӡа. "Детская Новая Волна 2017" аҟны аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа Урыстәыла жәлар рартист Олег Газманов ашәа ицылҳәоит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Милена лан, Илона Ақаҩԥҳа.

"Милена сасык лыҳасаб ала аконкурс аартреи аркреи рахь днарыԥхьеит. Газманови лареи еицырҳәоит ашәа "Мы вместе". Уажәы аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп", — лҳәеит ашәаҳәаҩ лан.

Милена лакәзар аконкурс аҟны ақәгылара лгәы хыҭхыҭуа дазыԥшуп.

2016 шықәса рзы 12-шықәса зхыҵуаз Милена аконкурс "Детская Новая волна" афинал ахь днеиит, длауреатхеит. Лара аԥсышәала иналыгӡеит ашәа "We are free" (Александр Шьоууа).

Милена лажәақәа рыла реиҳа игәыҭгаганы илзыҟалаз Аԥсны абираҟ даҵагыланы дахьықәгылаз ауп.

"Аконцерт ахьымҩаԥысуаз астадион аҟны хкырацәала абираҟқәа хшьын. Урҭ ирылан Аԥсны абираҟгьы. Уи сара сарԥыруаны избон, Аԥсны ахьӡала сықәгыланы, аԥсуа ашәа аҳәара ҟалашьак амам ҳәа ишызбоз – зегь ҟалеит", — лҳәоит Милена.

Милена 10-шықәса анылхыҵуаз далахәхеит авокалтә шоу "Голос. Дети". Жәларбжьаратәи ақәыԥшцәа рконкурс "Детская Новая Волна 2017" мҩаԥысраны иҟоуп ахәыҷтәы лагер "Артек" аҟны, Ҟрым, лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1 аҟынӡа.

100-ҩык рҟынтәи афинал ахь инеиит 11-ҩык ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа. Афинал мҩаԥысуеит ҩымш.

"Детская Новая волна" раԥхьатәи аконкурс мҩаԥысит 2008 шықәса рзы, Москва. 2010 шықәса раахыс Ҟрым имҩаԥысуеит. Апроект авторс дыҟоуп Игор Крутои.

Ажәабжьқәа зегьы
0