Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аиааирақәа ргеит

© Sputnik,Бадрак АвидзбаГагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аиааирақәа ргеит
Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аиааирақәа ргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи аҟазара ашкол аҵаҩцәа рхы рыладырхәит Франциатәи аконкурс "Ахәыҷқәа аибашьра рҭахым" аҿи, Москватәи аконкурс "Иааҳакәыршан иҟоу адунеи ИУНЕСКО" аҿи "Сара схәыҷра - сара стәыла" атема ала.

АҞӘА, лаҵарамза 26 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рхы рыладырхәит жәларбжьаратәи аконкурсқәа ҩба, иазыԥшӡамкәангьы аԥыжәарақәа ргеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзаалыцҳаит асахьаҭыхра арҵаҩы Кристина Кочкониан.

Аконкурс "Ахәыҷқәа аибашьра рҭахым" ашҟа Аԥснынтәи ишьҭын аусумҭақәа хԥа. Викториа Григориани ("Мирное небо") Александра Инал-иԥеи ("Я не хочу войны") русумҭақәа актәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Илариа Инал-иԥа аконкурс далауреатхеит.

Аусумҭақәа цәыргахоит Каннтәи ахыркәшаратә цәыргақәҵа GALA NICE — CANNES — MONACO 2017 аҟны ԥхынгәы 11-15 рзы.

"Мышқәак роуп иҵуа Каннтәи ааԥхьара ҳауижьҭеи. Ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи нарыԥхьоит. Амала афинанстә ҭагылазаашьа иахҟьаны аӡәгьы дзымцар ҟалап. Аусумҭақәа хԥа ҳашьҭит, рыхԥагьы аԥхьахәқәа ранашьахеит", ҳәа еиҭалҳәоит Кристина Кочкониан.

Аҩбатәи аконкурсгьы иалахәын Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа.

"Аусумҭақәа азҳархион аконкурс атематика инақәыршәаны. Мшаԥымза иҭагӡаны аусумҭақәа аконкурс ахь иҳашьҭит. Ахәыҷқәа араҟагьы аԥыжәара ргеит. Ҳара арҵаҩцәагьы аҳаҭыртә шәҟәқәа ҳзаарышьҭит. Даара агәахәара ҳнаҭеит", — лҳәеит Кристина Кочкониан.

© Фото предоставлено Кристиной КочконянГагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа
Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа - Sputnik Аҧсны
1/7
Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа

2/7

3/7

© Фото предоставлено Кристиной КочканянГагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа
Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа - Sputnik Аҧсны
4/7
Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа
© Фото предоставлено Кристиной КочконянГагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа
Гагратәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа - Sputnik Аҧсны
5/7

6/7

7/7

Гагратәи аҟазара ашкол аҵаҩцәа Саида Ӷәынџьиаԥҳа, Александра Инал-иԥа, Викториа Григориан, Диана Кешишиан рықәра зықәроу рыбжьара актәи апремиақәа ранашьахеит. Софиа Сагилиан, Елизавета Черникова, Викториа Ӷәынџьиаԥҳа, Александр Аблоҭиа аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Николь Анқәабԥҳаи Викториа Григориани ахԥатәи аҭыԥ шыргаз азы адипломқәа ранаршьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0