Аконкурс "Аԥсны ХХ-тәи ашәышықәса аибашьрақәа рҿы" аҟны аиааира згаз рыхьыӡқәа ҳәоуп

© Фото предоставлено Николаем МедвенскимАконкурс "Абхазия в войнах ХХ века" аҟны аиааира згаз рыхьыӡқәа ҳәоуп
Аконкурс Абхазия в войнах ХХ века аҟны аиааира згаз рыхьыӡқәа ҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс мҩаԥысуан азеиԥшҵаратә школқәа 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа рыбжьара.

АҞӘА, лаҵарамза 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә рҿиаратә конкурс "Аԥсны ХХ-тәи ашәышықәса аибашьрақәа рҿы" аҟны аиааира згаз рыдныҳәалара аофициалтә церемониа мҩаԥысит Иури Воронов ихьӡ зху Анаука-культуратә центр аҟны, иҳәеит аконкурс ажиури алахәыла, аҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски.

"Ажиури аконкурс ахь инашьҭыз аусумҭақәа ирыхәаԥшны иалыркааз иранаршьеит аԥхьахәқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, адипломқәа. Араҟа ирызхьаԥшуан атема аарԥшышьа, апатриоттә хырхарҭа, ааӡаратә еффект", — иҳәоит Медвенски.

Актәи аҭыԥ ааныркылеит Иарна Занҭариаԥҳа, Есма Гьерзмааԥҳа, Борис Кьыланаа, Милана Инаԥшьԥҳаи Асида Арланԥҳаи.

Аҭоурыхдырыҩ иажәақәа рыла, ахәыҷқәа ирылшеит аинтерес зҵаз аусумҭақәа аконкурс ахь рнагара.

Николаи Медвенски иҳәеит, зынӡа иааидкыланы 24 усумҭа шыҟаз. Аусумҭақәа ахәшьара рырҭарц еиҿкаан ажиури, АБНИ аусзуҩцәеи Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аусзуҩцәеи рыла.

"Светлана Вороновеи Олег Бӷажәбеи ишырҳәаз ала есышықәса аконкурс ахь аинтерес шьҭыҵуеит. Алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы иацлоит", — иҳәоит ажиури алахәыла.

Ауснагӡатә иалахәын арҵаҩцәеи аҭаацәеи.

Николаи Медвенски иазгәеиҭеит Иури Воронов ихьӡ зху Анаука-культуратә центр еиҿнакааз аконкурс раԥхьаӡа акәны имҩаԥган ҵыԥх, Иури Воронов 75-шықәса ихыҵра ахьӡала.

Адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рыҭара иалахәын Иури Воронов ихьӡ зху Анаука-культуратә центр ахантәаҩы Светлана Вороновеи лара лхаҭыԥуаҩ академик, ААУ апрофессор Олег Бӷажәбеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0