Милена Барцыцԥҳа Лера Адлеиаԥҳа лзы аҵәы ҭалыршәит

© Sputnik Евгения Новоженина Милена Барцыцԥҳа Лера Адлеиаԥҳа лзы аҵәы ҭалыршәит
Милена Барцыцԥҳа Лера Адлеиаԥҳа лзы аҵәы ҭалыршәит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аконкурс "Детская Новая Волна 2017" афиналтә хәҭа мҩаԥысраны иҟоуп алагер "Артек" аҿы лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1-нӡа.

АҞӘА, лаҵарамза 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа вокалистка қәыԥш Милена Барцыцԥҳа далахәын аконкурс раԥхьатәи амш аҽны ашәаҳәаҩцәа рықәгылараз аҵәҭаԥсара мҩаԥызгоз ажиури аусура.

Лара, ашоу "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа лыхьӡала ажәбатәи аномер ҭылгеит. Абри атәы Sputnik начинакорреспондент изаалыцҳаит Милена Барцыцԥҳа лхаҭа.

Милена Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Милена Барцыцԥҳа "Детская Новая Волна 2017" аҟны Газманов ашәа ицылҳәоит

"Иацы имҩаԥысит аҵәҭаԥсара. Уа, уаанӡатәи аконкурс асезонқәа рҟны иаиааиз иалыркаауан алахәылацәа рзы аҵәы. Аиҿкааҩцәа сара Лера лзы аҵәы ҭызгоит ҳәа рыӡбеит. Аҵәҭаԥсара инақәыршәаны Лера ажәбатәи лакәхоит", — ҳәа еиҭалҳәеит Милена Барцыцԥҳа.

Милена 10-шықәса анылхыҵуаз далахәхеит авокалтә шоу "Голос. Дети". Жәларбжьаратәи ақәыԥшцәа рконкурс "Детская Новая Волна 2017" мҩаԥысраны иҟоуп ахәыҷтәы лагер "Артек" аҟны, Ҟрым, лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1 аҟынӡа.

100-ҩык рҟынтәи афинал ахь инеиит 11-ҩык ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа. Афинал мҩаԥысуеит ҩымш. "Детская Новая волна" раԥхьатәи аконкурс мҩаԥысит 2008 шықәса рзы, Москва. 2010 шықәса раахыс Ҟрым имҩаԥысуеит. Апроект авторс дыҟоуп Игорь Крутои.

"Детская Новая Волна 2017" аҟны аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа Урыстәыла жәлар рартист Олег Газманов ашәа ицылҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0