Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда раԥхьатәи аиааира агеит

© Бадрак АвидзбаСамсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьаҟа инеиит ақалақьуаа
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьаҟа инеиит ақалақьуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аа-командак злахәу ашьапылампыл азы ачемпионат ConIFA 2017 мҩаԥысуеит Аҩадатәи Кипр, рашәарамза 4 - 11 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 6 —Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аа-командак злахәу ашьапылампыл азы ачемпионат ConIFA 2017 мҩаԥысуеит Аҩадатәи Кипр, рашәарамза 4 — 11 рзы. Аԥснытәи акоманда актәи ахәмарра ахәаԥшразы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьаҟа инеиит ақалақьуаа. Уа аекран ду кнаҳаны атурнир ишиашоу ицо аефир ала иддырбон.

Ахәмарра ирызцәырнагаз аинтерес рхы-рҿқәа ирықәубаауа, амилаҭ бираҟқәа рнапаҟны икны иԥшуан ахәаԥшцәа. Ахәмарра алагамҭазы ахәмарҩы Дмитри Кәартаа иҭаиршәыз ампыл гәырӷьара бжьыла ирыдыркылеит иџьынџьуаа.

Аԥснытәи акоманда ConIFA аверсиала ачемпионат аԥшәмацәа ирыцыхәмаруеиит 2017 шықәсазы - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда ConIFA аверсиала ачемпионат аԥшәмацәа ирыцыхәмаруеиит 2017 шықәсазы

Актәи атаим анҵәара маҷк шагыз ҳкоманда иаиуит алшара ампыл аҭаршәразы, аха уаԥстәылаа рымбахьчаҩ уи аԥирҟәҟәааит.

Ахәмарра аҩбатәи атаим аан уаԥстәылаа рыхәмарра еиҳа аԥыжәара аиуит. Ахәмарра 61-тәи аминуҭ азы 1:1 ҳәа акомандақәа еиҭахеит.

Адраматә театр аҿаԥхьа акәзар ашьапылампылтә атмосфера аҳра ауан. Иацҵаз аамҭа аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы Руслан Шьониа аҩбатәи ампыл амба иҭаиршәит. Аԥснытәи акоманда аиааирала ахәмарра хыркәшахеит.

Аԥсны еизгоу амилаҭтә команда ахәмаррақәа зегьы дырбахалоит аекран ду ала.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруеит. Аԥснытәи акоманда ачемпионат аԥшәмацәа, Аҩадатәи Кипр ахәмарцәа ирыцықәгылоит.

Абри агәыԥ ахь иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Карпаталиеи ркомандақәагьы. Атурнир иалахәуп аа-командак. Агәыԥ "В" ахь иаҵанакит: Паданиа, Секеитәи атәылаҿацә, Ницца, адгьылбжьахақәа Мен ркомандақәа. Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0