Мадина Гарцкиаԥҳа: сԥеи сареи ашьапылампылтә хәмаррақәа ҳаицрылацәажәоит

© Sputnik Алхас МанаргияАԥсны амилаҭтә команда ахәмарыҩ Руслан Шьониа иан Мадина Гарцкиаԥҳа
Аԥсны амилаҭтә команда ахәмарыҩ Руслан Шьониа иан Мадина Гарцкиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл азы ConIFA 2017 Европа ачемпионат аҟны актәи ахәмарраан аиааира агеит 2:1 ҳәа.

АҞӘА, рашәарамза 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мадина Гарцкиаԥҳа, Аԥсны амилаҭтә команда ахәмарыҩ Руслан Шьониа иан, Аԥсны – Аахыҵ Уаԥстәыла аматч ашьҭахь Sputnik иазеиҭалҳәеит лԥеи лареи лассы-лассы ахәмаррақәа ишеицрылацәажәо.

"Актәи атаим сгәы хыҭхыҭуа сахәаԥшуан, аҩбатәи атаим аан уи ҩынтәхеит, ихынтәхеит, избанзар ахәмарра далахәхеит Руслан. Иареи сареи ахәмаррақәа рымҩаԥысшьа ҳалацәажәалоит. Аԥхьа исҳәоз рацәак дазхәыцуамызт, аха нас дашьцылт", — лҳәоит ан.

Мадина Гарцкиаԥҳа агәра лгоит Аԥснытәи акоманда еиҳагьы еиӷьны ихәмарыр шалшо.

"Аԥхьатәи рыхәмарраан ирыло зегьы аадырԥшит сызҳәом. Руслан иакәзаргьы иара убас", — лҳәеит лара.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьаҟа инеиит ақалақьуаа - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда раԥхьатәи аиааира агеит

Акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Аџьынџьал иҳәоит, актәи ампыл ашьҭахь ҳкоманда рԥыжәара рхы ишырзамырхәаз.

Руслан Шьониа изы традициак еиԥшхеит ахәмарра аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы амба ампыл аҭаршәра.

2016 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ConIFA адунеи ачемпионат аангьы Руслан Шьониа иоуп афинал аҿы пенџьабаа рымба ампыл ҭазыршәыз. Иара уи ампыл ауп ҳкомандагьы адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ азҭаз.

"Ахәмарра ахыркәшара минуҭқәак шагыз Ҭарашь Ҳагба исиҭаз ампыл амба аҭаршәра сылшеит. Анцәа иџьшьаны ҳкоманда аиааиит", — иҳәеит ахәмарыҩ.

Ахәмарра Аԥсны – Аахыҵ Уаԥстәыла иреиӷьыз ахәмарыҩ ҳәа далыркааит изныкымкәа акоманда еиқәзырхаз, амбахьчаҩ Инал Кацба.

"Сара сзызхәыцуаз аиааира акәын. Аҩны ҳара ҳашчемпионцәаз агәра дҳаргеит, Кипргьы иаҳҭахуп Европа ачемпионхара шҳалшо ахәаԥшцәа идҳарбарц. Уи аҩыза алшара ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Кацба.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруеит. Аԥснытәи акоманда ачемпионат аԥшәмацәа, Аҩадатәи Кипр ахәмарцәа ирыцықәгылоит.

Абри агәыԥ ахь иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Карпаталиеи ркомандақәагьы. Атурнир иалахәуп аа-командак. Агәыԥ "В" ахь иаҵанакит: Паданиа, Секеитәи атәылаҿацә, Ницца, адгьылбжьахақәа Мен ркомандақәа. Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0