Ашьапылампыласыҩ Ҭодуаԥҳа Аԥснытәи акоманда адгылара алҭоит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьапылампыл азы урыстәылатәи аҳәса ркоманда амбахьчаҩ Ельвира Ҭодуаԥҳа
Ашьапылампыл азы урыстәылатәи аҳәса ркоманда амбахьчаҩ Ельвира Ҭодуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европа ачемпионат ConIFA 2017 аҟны Аԥснытәи акоманда ықәгылоит рашәарамза 9 июрзы.

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы урыстәылатәи аҳәса ркоманда амбахьчаҩ Ельвира Ҭодуаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥснытәи акоманда адгылара шалҭо.

"Сгәыӷуеит ҳкоманда уаанӡатәи атитул азаанхап ҳәа. Афиналбжа атранслиациа ҟалозар, ҳәарада сахәаԥшуеит. Сара Аԥснытәи акоманда ахәмаррақәа бжьамыжькәа срыхәаԥшуеит", — лҳәеит лара.

Ельвира Ҭодуаԥҳа ҳшьапылампыласыҩцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьалшьеит Паданиеи дареи реицыхәмарраан.

"Аԥсныи Аԥсны ажәлари рыхьӡала ихәмарааит. Сгәы иаанагом Аԥсны аӡә дыҟоуп ҳәа ҳкомандаз згәы мхыҭхыҭуа. Исҭахуп зегьы иреиӷьны иқәгыларц", — лҳәоит Ҭодуаԥҳа.

Ашьапылампыласыҩ илҳәоит лшьапы илыхьуаз ашьҭахь аҽеиҭашьақәыргылара дшаҿу.

ConIFA амаӡаныҟәгаҩ хада Саша Биркоф - Sputnik Аҧсны
ConIFA амаӡаныҟәгаҩ хада: саԥсыуаны схы збоит

"Уажәы ахәмаррақәа срылахәӡам, аха сгәы иаанагоит лассы срылахәхап ҳәа", — лҳәоит Ельвира.

Ельвира Ҭодуаԥҳа диит Аԥсны, 1986 шықәса рзы, иахьазы дынхоит Ростовтәи аобласт аҟны.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәара 4 рзы, ихыркәшахоит рашәара 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруеит. Аԥснытәи акоманда ачемпионат аԥшәмацәа, Аҩадатәи Кипр ахәмарыҩцәа ирыцықәгылоит.

Абри агәыԥ ахь иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Карпаталиеи ркомандақәагьы. Атурнир иалахәуп аа-командак. Агәыԥ "В" ахь иаҵанакит: Паданиа, Секеитәи атәылаҿацә, Ницца, адгьылбжьахақәа Мен ркомандақәа. Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0