"Инаԥҳа Кьагәеи" иахьатәи ахәаԥшыҩцәеи: Аҟәа имҩаԥысит апремиера

© Sputnik / Томас Тхайцук"Инаԥҳа Кьагәа" апремиера Аҟәа имҩаԥысит
Инаԥҳа Кьагәа апремиера Аҟәа имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр ахәаԥшыҩцәа ирыднагалеит аспектакль ҿыц "Инаԥҳа Кьагәа". Апремиераҿ дыҟан Sputnik акорреспондентгьы.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

"Сан, дазусҭада Инаԥҳа Кьагәа?", — дҵаауеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр амардуан иаҿалан иҩеиуа арԥыс қәыԥш. Уброуп иахьымҩаԥысуа аҿар ртеатр арепетициақәеи аспектакльқәеи.

Схы-сгәы иҭамкәа, машәыршәа исаҳаз азҵаара ан аҭакс иҟалҵарызеишь, ҭауадааи анхацәеи реизыҟазаашьа атәы шԥалызҳәаришь ҳәа схы назкыдысҵеит.

"Аԥсуа Робин Гуд иакәын, аха дыршьит", — лҳәеит ан. Иахьатәи аҿар абас иаармариан акәхап ари азҵаара аҭак шеилыркаауа.

Аспектакль апремиера аҽны ахәаԥшцәа иҭдырҭәааит атеатр азал. Ирацәаҩын Аԥсны асасцәа – аԥсшьаҩцәагьы.

"Ҳара аинтерес ҳаман Аԥсуа драматә театр аҟны аԥсуа драма ахәаԥшра", — лҳәоит Твер ақалақь аҟынтәи Аҟәа зыԥсы зшьо Екатерина.

Аԥсуа колорит абара иазгәышьуа рзы зегь еиҿкаан урҭ аҭахрақәа ирықәшәаратәы: амилаҭ цәамаҭәоума, адекорациақәа роума зегьы иҳаҩсыз ашәышықәсахь унарыԥхьон. Уи адагьы абызшәа аилкаара уадаҩра аҵамлартә еиԥш синхронла еиҭаргон.

Аҿартә театр иқәнаргылоит аспектакль ҿыц Инаԥҳа Кьагәа - Sputnik Аҧсны
Аҿартә театр иқәнаргылоит аспектакль ҿыц "Инаԥҳа Кьагәа"

Адекорациақәа авторс дрымоуп Витали Қацәба, ақәыргылаҩ, арежиссиор Шьалуа Гыцба. Иара иажәақәа рыла 30 шықәса раԥхьа ахаԥшьгаратә театр аҟны иқәиргылахьан ари аспектакль. Усҟан ихәмаруаз актиорцәа реиҳараҩык Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахеит. Уажәтәи аспектакльгьы урҭ ргәалашәара иашьаноуп.

"Аҳәынҭқарратә аҿартә театр аҿы иҟоуп ирацәаҩны актиорцәа амилаҭҭә фырхацәа рхыҿсахьақәа раарԥшра зылшо. Ари аспектакль аҿы ароль хада наигӡоит Аслан Анқәаб. Иара ихәмаррала иубаратәы иҟоуп Инаԥҳа Кьагәа дзеиԥшрацәҟьаз, ажәлар ирыдгылоз, згәы ҭбаау аԥсуа хаҵа", — иҳәеит Гыцба. 

Гыцба еиҭеиҳәоит Мҭы Ақаҩба ҩ-пиеса заҵәык шракәу ииҩыз.

"Аԥсуа интеллигенциа реиҳараҩык реиԥш Мҭы Ақаҩбагьы ЗО-тәи ашықәсқәа раан дахыган ддырӡит", — иҳәоит иара.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Аспектакль иалахәуп актиорцәа: Аслан Анқәаб, Аслан Енықь, Вадим Абыхәба, Дмитри Гәниа, Ирина Коӷониаԥҳа, Марина Арсҭааԥҳа, Фрида Леиԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0