Кааҭрие Чаалар: сара акырынтә саныхәыҷыз исаҳахьан Аԥсны аӡбахә шырҳәалоз

© Foto / Сырма АшәԥҳаКааҭрие Чаалар
Кааҭрие Чаалар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кипр ақалақь Никосиа инацәыхарамкәа иҟоу ақыҭа Гиузелир инхо, қәрала 80 шықәса инарзынаԥшуа изхыҵуа, хылҵшьҭрала даԥсыуоуп ҳәа згәы иаанаго Кааҭрие Чаалар дазааҭгылоит лабшьҭра аҭоурых.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Кааҭрие лԥацәа руаӡәк Меҳмеҭ Чаалар, Аҩадатәи Кипр апарламент адепутатс дыҟоуп, аматематикатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторуп, дыпрофессоруп. Кааҭрие Чаалар ҳаиҿцәажәараҟны иазгәалҭеит, илгәалашәо лабшьҭра аҭоурых аҟынтә илдыруа шмаҷу.

"Сабду иҳәо саҳахьан иара иаб 1820-тәи ашықәсқәа раан, Болгариа, Сҭамԥыл, нас Кипр дыӡхыҵит ҳәа. Изларҳәо ала, сабду Хусеин, Кавказ дықәымҵыр ада ԥсыхәа имоуа дҟалеит. Раԥхьаӡа уи дынхон Аладатәи Кипр иҟоу ақалақь Лефкора. Уа диит саб Раиф, саргьы уаҟоуп сахьиз", — лҳәоит Кааҭрие.

Лаби лабдуи аӡахәаҭра рацәаны ирыман, ажь рааӡон. Ажь аҩы алхны ирҭиуан. Иара убас, илгәалашәоит араса рыԥхны, аҩы ршны илыршьуан. Лан, шьҭрала дыфранцыз ҭыԥҳан. Лаб уи илирҟаҵон ажь алаҵан ашыламгьал. 

"Исгәалашәоит акалашәа ашә шхырхуаз. Аха, сара ахаан иҟасымҵац, уаҳа уи аҩыза шыҟарҵогь сымбац. Сара 16 шықәса сырҭагылан аҭаацәара саналалаз, аҭырқәа рԥыс санига. Сҭаацәа азыразӡамызт заа аҭаацәара сахьалалаз, аха иҟарҵарыз, нас иазааит. Шықәсык, ҩышықәса рышьҭахь, сыԥшәмеи сареи нхара ҳәа ҳаиасит ақалақь Лемассоко", — ҳәа азгәалҭеит Кааҭрие.  

ҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба - Sputnik Аҧсны
Лиутфи Гәымба: ҳабдуцәа ахьаныҵыз адгьыл сшьапы ықәсмыргылаӡац

Лара ԥшьҩык ахшара дрануп, ҩыџьа арԥарцәеи, ҩыџьа аҭыԥҳацәеи. Изларылшоз ала аҵара дуқәа ддырҵеит. Лхәыҷқәеи лмоҭацәеи пату лықәырҵоит, илхылаԥшуеит, лгәы дадыргаӡом. Ларгьы дара бзиа илбоит, дырзыразуп.

"Кипр инхои ҳареи ҳазлеиԥшым даараӡа ирацәан. Ҳара ҳҭаацәа ацқьара рылан, уи саргьы иахьа уажәраанӡа иныҟәызгоит. Схәыҷқәагьы убасҵәҟьа исааӡеит. Смаҭацәагьы урҭ аҟазшьақәа рылазарц сҭахуп. Сара сани саби реиԥшҵәҟьа асас пату иқәҵара бзи избоит. Саб ус иҳәалон, асас дуҭаар, иумоу ачеиџьыка ицәыумҵәахын, ҳәа. Уи иашоуп ҳәа сгәы иаанагоит", — лҳәеоит Кааҭрие Чаалар.

Шәара Кавказ ажәларқәа шәырхылҵшьҭроуп, аха шәгәы ишԥаанагои, милаҭс шәызтәуи, ҳәа ҳанлазҵаа, лцәажәара инацылҵеит.

"Ари азҵаара аҭак аҟаҵара ҳара ҳзы даараӡа иуадаҩуп. Ҳабацәеи урҭ рабацәеи уи атәы иаартны иалацәажәаӡомызт. Аха, акырынтә саныхәыҷыз исаҳахьан, Аԥсны аӡбахә шырҳәалоз, маӡак еибырҳәозшәа акәын ишалацәажәоз. Ҳара ахәыҷкәа иҳаҳарц рҭахӡамызт. Сара ҳашьҭра ԥсыуа шьҭроу џьысшьоит. Ауаҩы дзеиуоу анизымдыруа, ижәдыруазааит, уи шхьаа дуу", — ҳәа ацылҵеит Кааҭрие. 

Аҩадатәи Кипр аҿы аҽаԥсахуа иалагеит аҳәынҭқарратә политика. Осман асистемала, абхьӡыла иаауаз ажәлақәа, уажәшьҭа ажәлаҵәҟьақәа рхырҵар акәхеит. Кавказаа иреиуаз зегьы ажәла "Черқьез" ҳәа иҭарыҩит. Убри азоуп, Кавказаа зегьы жәлак зрымоу.

"Сара шәсазҵаауазар, урҭ рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәоуп, аха шаҟаҩ ыҟоу аӡәгьы иҳаздыруам. Кавказ ааныжьны абрахь иаауаз ауаа, рҭоурых бзианы иҭҵаатәуп", — лҳәеит Кааҭрие.

Иҟоуп згәы иаанаго, Аԥснынтәи ихҵәаз амал зман иааз ауаа роуп ҳәа. Уи аҭырқәа сулҭан имеида рыманы, Кипр иааны, адгьыл иқәаарыхны, акрырҳара азин риҭеит. Кавказаа еиҿкааны ирыман аколхозқәа. Уи аҭоурых амилаҭтә архив аҿы иҟоуп, аха макьана иҭҵааӡам. Хымԥада аԥхьаҟа аҭҵаара аҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0