Шьеқрие Лазариаԥҳа: Аԥснынтә аԥсуаа рбара даара ҳазгәыдууп

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла иҟоу Ианық ақыҭаҿы инхо, аублаа ирҭацоу ҳџьынџьуаҩ Шьеқрие Лазариаԥҳ
Ҭырқәтәыла иҟоу Ианық ақыҭаҿы инхо, аублаа ирҭацоу ҳџьынџьуаҩ Шьеқрие Лазариаԥҳ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зықәрахь инеихьо, Ҭырқәтәыла иҟоу Ианық ақыҭаҿы инхо, аублаа ирҭацоу ҳџьынџьуаҩ Шьеқрие Лазариаԥҳа дазааҭгылоит уатәи лыԥсҭазаара, аԥсуара шныҟәырго, абызшәа шырҳәо, лыԥсадгьыл лбарц шылҭаху атәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҭырқәтәыла иҟоу Ианық ақыҭаҿы инхо аублаа рхыԥхьаӡар рацәаҩуп, аублаа қыҭа ҳәа иашьҭоуп. Ҳара излеилаҳкааз ала, имаҷҩым уаҟа инхо аԥсуа ҭацацәа. Урҭ рахьтә иҟоуп хаҭала сзықәшәахьо, сзабадырхьо абыргцәа. Зықәрахь инеихьо Шьеқрие Лазариаԥҳа, Ианық аубыхқәа дырҭацоуп, ԥсышәала аҷҷаҳәа дцәажәоит, ажәытә аамҭа гәхьааго ҳаиҿцәажәара хацлыркит. 

"Аԥсуа леишәа бзиа иаҳбоит, пату ақәаҳҵоит, иныҟәаҳгар ҳҭахуп. Ажәытәра ахаара аҵоуп, игәхьааҳгоит", — лҳәеит Лазариаԥҳа.

ҳџьынџьуаҩ Лиутфи Гәымба - Sputnik Аҧсны
Лиутфи Гәымба: ҳабдуцәа ахьаныҵыз адгьыл сшьапы ықәсмыргылаӡац

Ҳендеқь Узунџьуорман деиуоуп. Ҳабацәа Кавказынтәи иааит рҳәоит. Рыцҳарас иҟалаз аҭоурых бзианы илыздыруам арахь раара шыҟалаз.

"Ианық ақыҭа сыҩнрахеижьҭеи уажәшьҭа хынҩажәа шықәса инареиҳауп, схы раҳаҭны избагәышьоит. Сара аҭаацәара салалаанӡа сахьынхоз ақыҭа аԥсыуа қыҭан, иахьагьы уаҟа итәоу аԥсуаа роуп. Аԥсны иҟоу ахабарқәа ҳрызҿлымҳауп, абзиа ҳаҳар ҳаигәырӷьоит, ҳгәы ҳзырхьуа ак ааҟаларгьы ҳгәырҩоит. Аԥснынтә аԥсуаа рбара даара ҳазгәыдууп, агәахәа алаҳхуеит", — лҳәеит Шьеқрие.

Аԥсуа леишәа бзиа ирбоит, пату ақәырҵоит, иныҟәыргар рҭахуп. Аԥсуааи азахәуақәеи? леишәала, қьабзла даара еиԥшуп. Ианық даара ашәыр бзианы иҟалоит, еиҳарак уиала рхы ныҟәыргоит ара инхо ауаа, аџьықәреи маҷны иларҵоит. Аԥсны ҳабацәа ртәарҭа цәгьа иԥшӡоуп ҳәа раҳахьеит, амала ицаны ирымбаӡац. Аԥсуа чысқәа даара бзиа ирбоит.

"Лассы-лассы аҟәыдыршьышьы, абҳәасасыӡбал, акәты каканла ичаԥаны, ахәылчаԥа ҟаҳҵоит, аҳаршьыл иалхны асыӡбалқәагьы ҟаҳҵоит, абысҭа ҳуеит. Абысҭа ара ҳазланагалаз аубыхқәагьы иҟарҵоит, аха ахьӡ ҳара иаҳтәуп ҳҳәоит ҳрыхлафаауа. Арахә ныҟәызго дыҟоуп, ахшхырҵәы бзиа иаабоит, нас ҳабацәа рҟынтә иаауа ами", — ҳәа азгәалҭеит аԥҳәыс бырг.

Мелеқь Папааԥҳа-Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Мелеқь Папааԥҳа: сара Аԥсны ахьӡ акәын издыруаз

Ира убас илгәалалыршәоит арахә анырзаныз, ажәқәа рацәаны ианрымаз, ашә хырхуан, ахырҵәы дырҵәуан, аҩны рхала ахәша хырхуан. Аԥсуа ҵасқәа уажәыгь иныҟәыргоит. Уи анагӡарагьы мариаӡам, уазааԥсароуп. Уажәы иаҳҳәап, асаби дахьиз аныҳәара ҟарҵоит, аныҳәара бжьымшы иҟарҵоит, алаԥш имкразы иҭәҳәоит, адоуҳа мҩаԥыргоит, шьыбжьышьҭахь адәахьы ддәылаҳгаӡом алаԥш имкразы. Алаԥш аниқәшәалак аҵәыуара хҭеикуеит, дычмазаҩхоит. Усҟангьы иара иатәу аҭәҳәа ҟарҵоит, хымԥада ихәарҭахоит. Ажәытәра ахаара аҵоуп, игәхьаалгоит.

"Аиҳабацәа рааигәа ҳхәыҷқәа ҳкӡомызт, иԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡан, ҳаԥшәмацәа ахьыҟаз ҳцәырҵӡомызт. Уажәы аҿар урҭқәа гәарҭаӡом. Урҭқәа анныҟәыргоз ҳара ҳҿара аамҭазы акәын, аха иҳарӡыр ҳҭахӡам, изызҳауа ирылаҳааӡар ҳҭахуп. Аҩны аԥшәма ихьӡ ҳҳәаӡом. Сара сабхәа сиацәажәаӡомызт. Иара дахьтәаз иааигәа стәаӡомызт, креицаҳфаӡомызт, алеишәа ныҟәаҳгон.

Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

Ҳгәылара чарак ыҟазар, ирзаауаз асасцәа агәылара иргон, пату рықәҵа, џьшьа рықәҵа иныҟәыргон. Уахынла ианышьҭалалак ашьҭахь, ҳгыланы рымаҭәақәа ҳуанҭон, реимаақәа ҳрыцқьон, шьыжьхьа рызҳархион, излаҳалшоз ала рысасра ргәаԥхартә еиԥш иныҟәаҳгон. Ачара зуаз ҳрыцхраауан, амаҵ ҳуан, усҟан аибабарақәа цәгьа ибзиан. Абас еиԥш иҟан ажәытә аамҭа", — лҳәоит Шьақрие.

Усҟан иҟаз аԥсуара агьама хаан, агәабзиара ацын, аидгылара ӷәӷәан. Абыргцәа анааидтәало урҭ аамҭақәа ргәаладыршәоит, ажәытәра гәхьааргагәышьоит. Ианық инхо аубыхқәа рыҳәса анеибабо аԥсышәала еицәажәоит, аԥсшәа бзиа ирбагәышьоит. Рҭаацәагьы иаҳдыруа абызшәала шәцәажәала, ҳаргьы еилаҳкаап, рҳәоит зны-зынла.

"Ҳарҭ маӡак ҳалацәажәозаргьы иҳақәҿиеит ҳҳәоит ҳахлафаауа. Аԥсныҟа даара салам сҳәоит. Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы даԥсыуоуп. Сыжәлантәқәа, сашьцәа рызегьы рылақәа срыгәӡуеит, игәыдыскылоит. Ҳаибабара, ҳаимадара ӷәӷәахааит. Анцәа сиҳәоит, аԥсуа жәлар ацәгьарақәа ирцәыихьчааит! Адунеи ажәларқәа ҳрыламӡааит!", — ҳәа лҳәеит Шьақрие.

Ажәабжьқәа зегьы
0