Кәрмазия: амигрантцәагьы ашәахтәқәа рықәҵара хацырктәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиграциатә маҵзура
Амиграциатә маҵзура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәрмазиа АРСМИРА апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, рашәарамза 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәахтәшәаратә органқәа русура ахырхарҭақәа ируакуп амигрантцәа ашәахтә рықәҵара иҳәеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәрмазиа АРСМИРА апресс-конференциа анымҩаԥигоз.

"Амигрантцәа ашәҟәы иҭагалатәуп. Амиграциатә маҵзуреи ҳареи уи аганахь ала аинформациа еимаадоит", — иҳәеит иара.

Абри ашьҭахь агәаҭара ҳалагоит амигрантцәа аус ахьыруа аобиектқәа, иҭаҳҵаауа ҳалагоит урҭ аусурҭақәа рызҭо ауаа ашәахтәқәа ршәо ирымшәо иҳәеит аминистр.

"Амигрантцәа рыбжаҩык рхала аусурҭақәа рыԥшаауеит", — иазгәеиҭеит Кәрмазиа.

2017 шықәса рзы еиҳаны ашәахтәқәа рылхра ҳгәы иҭоуп, иҳәеит иара апресс-конференциаҟны.

2016 шықәса рзы ашәахтәқәа рзеиԥш хышәа-ҵышәа иартәеит 2 миллиардки 733 миллион мааҭ. Сынтәа иазыԥхьагәаҭоуп 2 миллиардки 800 миллион мааҭ аизгара.

Макьаназы, ашықәс нҵәаанӡа инақәырххны аҳәара уадаҩуп, аха ҳазыԥхьагәаҭарақәа рыла усеиԥш аҿы ҳкылсроуп", — иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0