Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ихәыз ауаҩы днаргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хәышәтәырҭа
Ареспубликатә хәышәтәырҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҿахысраҿы ирхәыз Иулиан Бобуа ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит.

АҞӘА, рашәарамза 16 – Sputnik. Аиҿахысраҿы ирхәыз Иулиан Бобуа иахьа ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Рада Сангәлиаԥҳа.

"Рашәарамза 15 2017 шықәса, асааҭ 15:00 рзы Аҟәа, Аиааира амҩаду аҩны №142 ашҭаҟны ишьақәыргылам ахаҿы 1981 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ Бобуа И.Л. диехсит", — лҳәоит Сангәлиаԥҳа.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Смыр иажәақәа рыла Бобуа амедицинатә хәышәтәырҭаҟны дԥырҟеит.

"Бобуа иарӷьа жәҩахыр ахы алоуп ишьапы иалҟьеит. Уажәтәи аамҭазы аоперациа ацара иаҿуп", — иҳәеит Смыр.

Апрокуратура хадаҟны ирҳәеит апрокуратура ашьаусҭҵааҩцәеи аоперативтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи аҭыԥ аҭҵаара ишаҿу. Имҩаԥысуеит аоператив-ԥшааратә усурақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0