Нугзар Емырхәба: Ҭҟәарчал ауааԥсыра аӡыцқьа рыгҳажьуам

© Sputnik Ҭҟәарчал ақалақь
Ҭҟәарчал ақалақь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Нугзар Емырхәба далацәажәеит аӡхыҵра иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа.

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа Ҭҟәарчал ауааԥсыра ӡыцқьала реиқәыршәара иаҿуп, иҳәеит АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Нугзар Емырхәба.

Ҭҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аида Чачхалиаԥҳа: Тҟәарчал ауааԥсыра аӡыржәтә рызнаргеит АҶА аусзуҩцәа

"Ҭҟәарчал мышқәак раԥхьа амшцәгьақәа ирхырҟьаны, адгьыл бганы ауаа аӡы ахьынтәроуаз аԥхасҭа ҟанаҵеит. Убри аҟынтәи аӡы хәашьны идәықәлеит, аӡы анеирҭа ашәаҳаит. Уа ҩымш-хымш аус руеит ҳмашьынақәа, аӡыцқьа ауааԥсыра ирызнаргоит", — азӷәеиҭеит уи.

Зегь раԥхьа иргыланы аӡы наргоит ахәышәтәырҭа ахыбра ашҟа, анаҩсан ахәыҷбаҳча ахь, иара убас, зхы иамыхәо, зықәра неихьоу ауаа аӡыцқьа наганы ирырҭоит.

"Аӡы анынҵәалак, адырра ҳарҭоит, нас ҳара еиҭа аӡы наганы ираҳҭоит. Аӡыцқьа ацестернақәа рыла иаагоит, урҭ ацестернақәа уиаҟара ирацәаны иҳамаӡам, избан акәзар, аӡы мҩаԥызго амцарцәаҩцәа рмашьына ауп", — иҳәеит уи.

Ҭҟәарчал ақалақь ашҟа аӡы Очамчырантәи ауп ишырго, иҳәеит Нугзар Емырхәба.

Нугзар Емырхәба Sputnik еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>> 

"Ҭҟәарчал аӡы ахьуго ҳәа аҭыԥ ыҟаӡам, уа иҟоу аӡыхь ҳәыҷқәа рҟны быжь-тоннак зкуа ацестерна арҭәра уадаҩуп", — азгәеиҭеит уи.

Аҟәа иҟалаз аӡхыҵра атәы далацәажәо, иҳәеит ауаа рыҩнқәа аӡы шрыҩналаз, аиҳарак Шьеглов имҩаду аҟны.

"Ауаа рымаҭәа-рҩыҭәа аԥхасҭа ду рынаҭеит, уи адагьы ауҭра-асыҭра аӡәӡәеит. Аӡы метрак, ҩ-метрак ианхалалак, аԥхасҭа ҟанамҵар ауам", — иҳәеит Емырхәба.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит АҶА аусзуаҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура иаҿуп.  

Ажәабжьқәа зегьы
0