Апрокуратура хада: аб иԥҳа дишьит ҳәа агәаанагара ыҟоуп

© Sputnik Аԥсны Апрокуратура хада
Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩшьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны аус руеит Аҟәа араион апрокуратура ашьауасҭҵааҩцәа.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Анжела Џьӷамазиа дишьит ҳәа агәҩара ыҟоуп лаб – 1973 шықәса рзы ииз, Роберт Џьӷамазия. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аҟәа ауаҩшьра ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ауаҩшьра ҟалеит

"Рашәара 17 асааҭ 21:00 рзы аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан, Школьнаиа амҩаҿ игылоу аҩны №12 аҿаԥхьа, амҩаҿ ирбеит 1994 шықәса рзы ииз Анжела Џьӷамазиа лыԥсыбаҩ. Аӡӷаб илеихсны дшьын. Лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҿы дыԥсит", — ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада аофициалтә дырраҭара.

Ашьаусҭҵаара хацыркуп. Имҩаԥысуеит ауснагӡатәқәа Роберт Џьӷамазиа дахьыҟоу аилкаарази иҭакрази.

Ажәабжьқәа зегьы
0