Аӡысаамҭа иазымыӡәӡәо ахҭысқәа

© Fotolia / VkaraАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Џьӷамазиаа рҭаацәараҿы иҟалаз ахҭысқәа рзы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik 

Ари абжьарак зегь қәоуран, иауан адунеи зегь ықәнаӡәӡәаауама уҳәаратәы, аха иҟоуп урҭ амшцәагьақәа ирзымыӡәӡәаз ахҭысқәа. Урҭ зегь хьымӡӷуп изахьыз рзы мацара акәымкәа, аԥсуаа зегь ҳзы, ҳҳәынҭқарразы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаҩшьрақәа ҳаԥсҭазаара иахәҭакшәа иҟалеит.

Уажәы-уажә иааҳалаҩҩуеит узыршанхо ажәабжь бааԥсқәа. Аԥсны апрокуратуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рпресс-маҵзурақәа иҳаларҳәеит: "рашәара 12 рзы зықәра наӡам аҭыԥҳа хәыҷы лцәа ԥиҽит 1981 шықәса рзы ииз Џьапуа Асҭамыр Севериан-иԥа", ҳәа.

Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Џьапуа иҿахәҿыхра мап ацәикуеит

Иара убас, ари аинформациа иацын гәҩарас ирымоу ауаҩы дшыбналаз имашьына "Jaguar" дақәтәаны "абри ауаҩ дахьыҟоу здыруа ахәара ҟаҳҵоит амчратә усбраҭақәа рахь иаашәыцҳарц", абас аҳәара ҟарҵон азинхьчаратә усбарҭақәа.

Ауаажәларра ԥшын ацәгьа ҟазҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу дыԥшааны аус аҭҵаара иалагап ҳәа. Аха, уи аус амчратә структурақәа иааинырсланы ирылымшеит, аха, иара уи аамҭазы Џьапуа Асҭамыр ажурналист Низфа Арышԥҳа аинтервиу лиҭеит "акымзарак схарам, сыбналангьы сыҟамызт, смашьына сақәтәаны ақалақь салан", ҳәа.

Иџьоушьаша, ибналаны иҟоу ҳәа зыӡбахә рҳәо, аинтервиуқәа аниҵоит, џьаргьы дымцеит, аха знапы иану амилициа иара дырзымԥшааит. Дцәырҵит иара ихала, аҵыхәтәантәи аинформациа ишҳанаҳәо ала, дҭакуп Аԥсны ашәарҭадара амаҵзура аанкыларҭаҿы. Асабаша, рашәара 17 рзы, ахәылбыҽха иааҳалаҩҩит, "зцәа ԥырҽыз лаҳәшьа Џьӷамазиа Анжела лхы еихсны дыршьит", ҳәа.

Уи азы амчратә усбарҭақәа гәҩарас дрымоуп лаб, 1973 шықәса рзы ииз Џьӷамазиа Роберт Гули-иԥа. Макьаназы еилкаам, арҭ ахҭысқәа реидхәалашьа, ҵаҵӷәыс иаҵоу Анжела лышьра. Аха, ауаажәларра ирбарҭоуп абас еиԥш ахҭысқәа анымҩаԥысуа Аԥсны анапхгара "ҽырдагәа" ҟаҵаны ишыҟоу. Абарҭ амшқәа ирылагӡаны апрезидент, ма Жәлар реизара адепутатцәа, мамзарагьы "Ашәарҭадаразы аилазаара" рыбжьы дырго уаҩы имаҳаит. Ас еиԥш ахҭысқәа атәылаҿы ианымҩаԥысуа ажәлар рыҭра иҭнаҟьоит, агәкаҳарагьы рзаанагоит.

Аҟәа ауаҩшьра ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ауаҩшьра ҟалеит

Атәыла анапхгара зыҟоу иаразнак аус иахаҵгыларц, рыбжьы ақәдыргарц азоуп. Ахҭыс ахаҭа иаҵоу аҵакы ҳазааҭгылозар, аԥҳәыс лцәа аԥҽра, аԥсуаа ҳҿы адунеихаангьы ҳаҭыр зқәымыз, зегь реиҳа иџьбароу цәгьараны иԥхьаӡоуп. Абри аамҭазы, ҳуажәларратә институтқәа, хықәкыла "Ауаажәларратә палата", "Абыргцәа рхеилак" еснагь еиԥш, рыбжьы дыргом. Анкьа, амчра аҽаԥсахаанӡа "адунеи хызжәоз" аполитикцәа ракәзар, рпартиа амчрахь ианааи имҩаԥысуа ахҭысқәа уамак ибаргәымшәа рыбжьы ҳмаҳауа иҟалеит.

Егьырҭ Аԥсны иҳамоу апартиақәа ракәзаргьы, уажәазы рҳеидеи ыҟам, уимоу аоппозициатә партиагьы хаҭала абри ахҭыс азы акгьы амҳәеит. Аԥсны егьырҭ атәылақәа рҿеиԥш ацәгьоурақәа еснагь иҟан, аха уажәы инеишьҭаргыланы имҩаԥысуа ахҭысқәа рҩызцәа шамаха иҟамлацызт, насгьы, иахьатәи амчра реиԥш ацәгьоурақәа риааираҿы имчыдоу даҽа напхгаракгьы аӡбахә аҳәара уадаҩхеит. Ҳара ҳазлацәажәо аофициалтә мчратә усбарҭақәа иаарыцҳауа жәабжьуп.

Аԥҳәызба лцәа аԥҽра аҵыхәала иаанкыло иакәзар, иинтервиу аҿы "акгьы схарам" иҳәоит. Ихарамзар, уи азы аҭак ҟарҵароуп ауаажәлар аинформациа рылазырҵәаз амчратә усбарҭақәа, ихаразар, хымԥада ахьырхәра ҟалароуп. Абри ахҭыс иалацәажәо аинтернет ахархәаҩцәа еиҳаракгьы изыцәшәо аус еиқәырҽаҽаны ихырҩар ҳәа ауп, иара убас, иҟоуп авба аҭыԥҳа лан лахь идырхарц агәаҳәара змоугьы. Абасала, лцәа ԥҽны ллахьынҵа ҿаҟәоуп 13 шықәса ирҭагыло аҭыԥҳа хәыҷы, иара убас, лыԥсҭазаара далхуп уи лаҳәшьа еиҳабы. Ак аҵкыс, ак еицәаны.

Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада: аб иԥҳа дишьит ҳәа агәаанагара ыҟоуп

Ас ҳашцо ҳанца, аилабаара иаҿу ҳҳәынҭқарра иаҵоу ауасхырқәа еилаҳауеит. Ахьыԥшымреи ахақәиҭреи ҳәа ҳауаажәлар иреиӷьыз рҵеицәа ззеибашьуаз аидеиақәагьы ҵакыдахоит. "Азакәан аус ауа иҟалоит" убри азы "агәра шәсыргоит" зҳәоз апрезиденти анагӡаратә мчи роуп ари азы аҭакԥхықәарагьы здыло. Апартиа "Форум" аоппозициа ианыҟаз "заҟа иаҳҭаху аефир аамҭа ҳарҭом" ҳәа агәынамӡара аадыррԥшуан. Абар уажәы амчраҿ шәара шәыҟоуп, иҟоуп аҳәатәы, шәцәажә, шәхаҵкы, насгьы иҳаилшәыркаа шәгәы иҭоу ари аилаҩеиласра аанкыларазы.

Р. S.

Рашәара 15 рзы Аҳәынҭқарратә ахьчаратә усбарҭа (ГСО) 25 шықәса ахыҵра иазкны аиубилеитә ныҳәа азгәанаҭон. Уи азы адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Ари аусбарҭаҿы аус иуан, "аҭыԥҳа лцәа ԥиҽит" ҳәа гәҩарас ирымо Асҭамыр Џьапуа. Ари ахҭыс ауаа ианрылаҵәа ашьҭахь, "рашәара 8 рзы иусура аҟынтә ихы дақәиҭтәын", ҳәа анформациа цәырҵит. Аиубилеи азгәарҭеит Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыхьчара знапы иану. Ирԥырхагааз, русуҩ "заа" дамырххьан, "хьымӡӷ" рымамызт уеизгьы-уеизгьы….

Автори аредакциеи ргәаангара еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0