Кобахьиа: ААИ (ГАИ) аилазаара аттестациа рзухоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД.
МВД. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа аминистрра инарҭбаау аколлегиаҟны ахҳәаа аиҭеит автоинспекциа аусзуҩцәа русура ааныжьразы иҟарҵаз аҳәарақәа.

АҞӘА, рашәара 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа аминистрра инарҭбаау аколлегиаҟны ахҳәаа аиҭеит автоинспекциа аусзуҩцәа русура ааныжьразы иҟарҵаз аҳәарақәа. Иара иҳәеит ААИ(ГАИ) аусзуҩцәа зегьы аттестациа иахыжьхоит ҳәа рпрофессионалтә дыррақәа рышьақәыргыларазы.

"Сара агәра хасҵом арзаҳалқәа зҩыз ауаа рус бзианы ирдыруеит ҳәа. Ҳара аӡәгьы мчыла аусура далаҳмыргеит", — иҳәеит иара.

"Транспортла арахь иаауа ауаҩы ԥарақәак имоуп. Ҳара урҭ имаҳхырц ҳҭахуп. Усеиԥш зыҟалом", — иҳәеит Кобахьиа.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит арзаҳал зҩыз зегьы русурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит ҳәа.

"Дара ирзаҳшәо аԥара зус пату ақәызҵо, издыруа ауаа ирзаҳшәалоит", — иҳәеит иара.

Аколлегиа аилатәара иалахәыз атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иакәзаргьы иазгәеиҭеит аусура амҵра ҳҭахуп ҳәа зҳәаз зегьы русура ишамхтәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0