Калмыков имҩаҟны аԥжәара ҟалеит: аӡәы ахәрақәа иоуит

© Sputnik / Томас ТхайцукКалмыков имҩаҟны аԥжәара ҟалеит
Калмыков имҩаҟны аԥжәара ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны ус руеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа.

АҞӘА, рашәарамза 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь Калмыков имҩаҟны асааҭ 21.30 рзы аԥжәара ҟалеит. Аусура иаҿуп ашьаусҭҵааҩцәа.

Аԥжәара иахҟьаны ахәрақәа иоуит Аҟәа ақалақь ауаҩԥсы. Иара ацхыраара лас амашьынала ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак ахь днаган.

Ашьаусҭҵааҩцәа макьаназ ирцәыуадаҩуп арԥжәага закәыз атәы аҳәара. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит ацхыраара лас автомашьынеи амцарцәагатә машьынеи.

Иҟалаз шыҟалаз, мзызс иаҵоу атәы аҳәара макьаназ иуадаҩуп, ҳәа азгәарҭоит ашьаусҭҵааҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0