Бараҭелиа: Аҵәахырҭатә банк аҿы агәаранқәа ыҟоуп ауаа атәанчахәы раԥхьатәи амш азы ироур ахьырҭаху

© SputnikАбанк аҿы агәаран
Абанк аҿы агәаран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи атәанчаҩцәа урыстәылатәи атәанчахәы роуеит есымза, амза 18 инаркны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

АҞӘА, рашәарамза 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҵәахырҭатә банк аҿы агәаранқәа ыҟоуп ауаа атәанчахәы раԥхьатәи амш азы ироур ахьырҭаху, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

"Есымза атәанчаҩцәа рыԥхьаӡарақәа рахь ииаргоит 400 миллион мааҭ аԥара (урыстәылатәи атәанчахәы). Аԥара ииаргоит есмза, амза 18 аҽны. Абанкоматқәа рҿаԥхьа ауаа гәаран ҟаҵаны игылоит, избанзар атәанчаҩцәа реиҳараҩык рԥарақәа амырхуеит аԥхьатәи ахымш рзы", — иҳәеит Бараҭелиа.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы иҳәеит ариаҟара аԥара гәаранда амхразы Аԥсны иахьаҵанакуа 300 банкомат рҟынӡа гылазароуп.

Бараҭелиа иажәақәа рыла иҟоуп акоммерциатә банкқәа, аха урҭ рҟны апроцент шәалатәуп.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Амилаҭтә банк ԥхьаҟагьы акартақәа русура арманшәалара аус шаднауло, акартақәа рыла адәқьанқәа рҟны аԥара ашәара алшартә ишыҟарҵо. Уи ауаа рҭагылазаашьа армарион, абанкоматқәа рҿаԥхьа агәаранқәагьы армаҷуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0