Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи ахҭысқәа хылаԥшра рыҭара ахахьы иагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Апарламент ҳтәылаҿы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ирызкыз аилатәара мҩаԥысит.
Аԥсны Апарламент ҳтәылаҿы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ирызкыз аилатәара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ҳтәылаҿы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ирызкыз аилатәара мҩаԥысит.

АҞӘА, 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар реизара иаднакылеит аӡбра, ареспубликаҟны аҭыԥ змаз аҵыхәтәантәи ахҭысқәа, зықәра наӡам Лиана Џьӷамазиа лцәаԥҽреи уи лаҳәшьа Анжела Џьӷамазиа лышьреи рганахь ала ашьаусҭҵаара ацашьақәа хылаԥшра рыҭара ахахьы иагарц.

Абри аус анапы ианҵоуп атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак. Аилак иара убасгьы анапы иануп аамҭа-аамҭала ашьаусҭҵаара амҩаԥысшьазы Апарламент адыррақәа азыҟарҵаларц.

"Ҳауаажәлар гәыԥҩык аҳәара ҳарҭеит аҭагылазаашьа ахылаԥшра ҳхахьы иаагарц", — иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспубликаҿы имҩаԥысуа иалагеит хаԥышәала ахымҩаԥгара, ауаҩшьрақәа, еиуеиԥшым ацәгьоурақәа. Ауаажәларра уи агәҭынчымра рызнарҵысуеит, иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иарбанызаалак рыцҳашьарак ҟаҵатәым

"Рашәара 17 асааҭ 21:00 рзы Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан, Школьнаиа амҩаҿ игылоу аҩны №12 аҿаԥхьа, амҩаҿ ирбеит 1994 шықәса рзы ииз Анжела Џьӷамазиа лыԥсыбаҩ. Аӡӷаб илеихсны дшьын. Лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҿы дыԥсит", — ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада аофициалтә дырраҭара.

Ашьаусҭҵаара хацыркуп. Имҩаԥысуеит ауснагӡатәқәа Роберт Џьӷамазиа дахьыҟоу аилкаарази иҭакрази. Уаанӡа, Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Асҭамыр Севериан-иԥа Џьапуа иганахьала, аҵыхәтәантәи рашәара 11 — 12 ауха зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа агәаанагара ахьыҟаз инамаданы. Астамыр Севериан-иԥач Џьапуа рашәарамза 17 2017 шықәса рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзурахьы иҽриҭеит. Рашәара 13 2017 шықәса рзы аӡӷаб лан иҟалҵаз арзаҳал ашьаҭала ихацыркын ашьаус. Лара лажәақәа рыла Асҭамыр Џьапуа ижәны дыҟан. Абџьар ихы иархәаны 2003 шықәса рзы ииз аӡӷаб аҩны ддәылганы дигеи, лцәагьы ԥиҽит.

Ажәабжьқәа зегьы
0