Аԥжәараан ахәрақәа зауз ишьапы хырҵәеит

© Fotolia / Petar NeychevАԥжәараан ахәрақәа зауз ишьапы хырҵәеит
Аԥжәараан ахәрақәа зауз ишьапы хырҵәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Калмыков имҩаҟны асааҭ 21.30 рзы аԥжәара ҟалеит.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥжәараан ахәрақәа зауз ишьапы хырҵәеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Воуба.

"Иаха ахәышәтәырҭахь иааргаз аԥжәараан ахәрақәа зауз ауаҩы аоперациа изымҩаԥган – ишьапы хҵәоуп", — иҳәеит иара.

Калмыков имҩаҟны аԥжәара ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Калмыков имҩаҟны аԥжәара ҟалеит: аӡәы ахәрақәа иоуит

"Ачымазаҩ иԥсҭазаараз шәарҭара ыҟам. Иара убасгьы 25% рҟынӡа ишьапқәа блын", — иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь Калмыков имҩаҟны асааҭ 21.30 рзы аԥжәара ҟалеит. Аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны ус руан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа. Аусура иаҿын ашьаусҭҵааҩцәа.

Аԥжәара иахҟьаны ахәрақәа иоуит Аҟәа ақалақь ауаҩԥсы. Иара ацхыраара лас амашьынала ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак ахь днаган. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит ацхыраара лас автомашьынеи амцарцәагатә машьынеи. Иҟалаз шыҟалаз, мзызс иаҵоу атәы аҳәара макьаназ иуадаҩуп, ҳәа азгәарҭоит ашьаусҭҵааҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0