Сергеи Жилин "и-Фонограф-джаз-бенд" Аԥсны аконцертқәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергеи Жилин "и-Фонограф-джаз-бэнд" Аԥсны аконцертқәа мҩаԥнагоит
Сергеи Жилин и-Фонограф-джаз-бэнд Аԥсны аконцертқәа мҩаԥнагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Фонографа-джаз-бенд" (Сергеи Жилин) аконцертқәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 22 Гагратәи акультура Ахан аҿи рашәара 23 Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿи.

АҞӘА, рашәарамза 21 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Сааҭки бжаки инарзынаԥшуа "Фонограф-джаз-бенд" апрограмма азкуп агәыԥ The Beatles. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аколлектив адиректор Екатерина Еремеева.

Апрограмма иахьӡуп "Let it Beatles". "Фонограф-джаз-бенд" инанагӡараны иҟоуп еицырдыруа The Beatles ахитқәа зегьы, — лҳәеит Еремеева. — Апрограмма дсасны далахәуп ахәыҷтәы шоу "Голос" аҿы ашәа зҳәоз Милена Барцыцԥҳа, лара "The Beatles" арепертуар аҟынтәи ашәақәа лҳәоит.

Екатерина Еремеева лажәақәа рыла "Фонограф-джаз-бенд" иагәҭакуп есышықәса Аԥсны аконцертқәа рымҩаԥгара.

"Афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…" ҳахьалахәыз адагьы, быжьбаҟа шықәса раԥхьа ара ҳақәгылахьан. Апублика даара агәахәара унаҭоит. Агьама бзиа рымоуп. Ҳҩызцәагьы ираҳҳәоит Аԥсныҟа шәаала ҳәа. Шәыԥсабара, шәысасдкылашьа аиԥш зеиԥшу џьаргьы иҟам. Даара бзиа шәаабоит", — лҳәоит Еремеева.

Екатерина Еремеева иазгәалҭеит Сергеи Жилин аҩызцәеи адырцәеи рацәаны ишимоу.

"Асабша, аконцерт ашьҭахь Сергеи иҩыза бзиа иҷкәын ичарахь ҳнаԥхьоуп", ҳәа еиҭалҳәоит "Фонограф-джаз-бенд" адиректор.

"Фонографа-джаз-бенд" (Сергеи Жилин) аконцертқәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 22 Гагратәи акультура Ахан аҿи рашәара 23 Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿи.

Ажәабжьқәа зегьы
0