Аспектакль "Софичка" РУСДРАМ асценаҟны иқәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Софичка" РУСДРАМ асценаҟны иқәдыргылеит
Аспектакль Софичка РУСДРАМ асценаҟны иқәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи Жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аатит рашәара 20 рзы Аурыс драматә театр асценаҿы аспектакль "Софичка" ақәыргыларала.

Sputnik, Владимир Бегунов.

Шәышықәсабжа инарзынаԥшуа Чагьем аҭоурых иаланахалан иаман атеатр ахь инеииз ахәаԥшыҩцәа. Изеиԥшроузеи аспектакль "Софичка"? афильми иареи иреиӷьхарызеишь? Ирацәан, ирацәан урҭ ирызцәырҵуаз азҵаарақәа. Шьукин ихьӡ зху атеатр Аинститут аԥсуа курс астудентцәа рспектакль ықәлыргылеит акурс анапхгаҩы Елена Образцова.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа лажәадгалала ахәаԥшцәа минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит ашәәҟыҩҩы. Сынтәа атеатр Искандер ихьӡ ахырҵеит. Афестиваль аиҿкааҩцәа ражәа рацәамызт. Зегь азыԥшын аспектакль.

Аповест акәзар асцена анаалара уадаҩуп. Иараҟны имаҷуп адиалогқәа, афырхацәа рҟазшьақәа ракәзар, автор иоуп ирыхцәажәо. Абарҭ зегьы реиҿбаара акыр иуадаҩуп.

Аха арежиссиори актерцәеи ирылдышеит злыршара уадаҩыз. Актиорцәа Фазиль ифырхацәақәа ракәызшәаҵәҟьа ихәмаруан.

"Фазиль иқәыргылара уадаҩуп аха актиорцәа уи рылшеит", — лҳәоит ахәаԥшҩы Надежда. Иагьымӡакәа илҳәеит зны-зынла лылаӷырӡқәагьы шаауаз.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирҿырԥшны актуалра аман иҟан асценаҿ имҩаԥысуаз ашьоура асценагьы.

Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи Жәларбжьаратәи акультура афестиваль Ауаҩы игыларҭа иалацәажәон Sputnik апресс-центр аҟны - Sputnik Аҧсны
Ахԥатәи "Ауаҩы игыларҭа": еиԥшым "Софичкақәа" ҩба

Аԥсра иаҿыз Рауф иԥҳәыс лахь ихы нарханы иҳәоит: "Сашьа исызиаҳә – ашьоура аҭахым ҳәа. Ашьакаҭәара бзиа ахылҵуам" иахьатәи ҳтәылауаа рзы иҳәоушәоуп ишыҟаз.

Аспектакль асимволқәа: ачара, аибашьра, аԥсыжра уҳәа рыла иҭәуп. Софичка лхаҵа иԥсыжырҭаҟны илыргыло аџьар аԥарда ианубаалоит. Ахәаԥшҩы ибоит аџьарқәа ҩба: аԥсы ихагылои Софичка лхазы иҟан илыԥхьаӡои. Уи иаанагоит лыԥсы шҭоу лҽылжуеит ҳәа. Аспектакль аҿы зегь алагоит иагьынҵәоит Нури ихәыҷтәы сахьа – ашхәа ала.

Аҩны еилабгоуп, ауаа ԥсит, иаанхаз ахәыҷ исахьа заҵәык ауп. Уи агәалашәара иабаҟаха иаанхоит.

Аспектакль ашьҭахь ҳазҵаарақәа зызҳархоз ахәаԥшцәа ирҳәон ажәа шырзымхоз, ирбаз еиҭарҳәартә еиԥш. Зегь рцәаныррақәа хыҵуан.

"Сҵәыуон, — лҳәоит ахәаԥшҩы Есма. – аферымқәа. Ҳәашьа амам!".

Ахәаԥшҩы Нина илҳәоит "Софичка" дшаԥхьахьаз, аха асеиԥш асценаҿ иқәыргылахап ҳәа дшақәымгәыӷуаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Софичка" в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера "Стоянка человека" открылся во вторник 20 июня на сцене Русского государственного театра драмы
Спектакль Софичка в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера Стоянка человека открылся во вторник 20 июня на сцене Русского государственного театра драмы - Sputnik Аҧсны
Спектакль "Софичка" в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера "Стоянка человека" открылся во вторник 20 июня на сцене Русского государственного театра драмы

РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба аспектакль алагамҭаз иҳәеит ақәыргыламҭа ҳақәҿиар, аԥшьбатәи афестиваль аангьы ишәҳарбоит ҳәа.

Аспектакль акәзар ишрықәҿиаз удырдыруан акраамҭа еихымсыӷьуаз анапеинҟьабжьқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0