Аиааира амш акәу Ахьыԥшымра амш акәу: адепутатцәа арыцхәқәа рзышьақәмыргылацт

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиааира амш акәу Ахьыԥшымра амш акәу: адепутатцәа арыцхәқәа рзышьақәмыргылацт
Аиааира амш акәу Ахьыԥшымра амш акәу: адепутатцәа арыцхәқәа рзышьақәмыргылацт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент VI ааԥхьара аилатәара мҩаԥысит ахаша, рашәарамза 21 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. "Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи рыцхәқәа" Азакәан аԥсахрақәа ралагалареи цәыббра 30 Аиааира амш, нанҳәа 25 Ахьыԥшымра амш ҳәа рышьақәыргылареи рзы ажәалагала ҟаиҵеит адепутат Илиа Гәниа.

"Аилак абарҭ азҵаарақәа рганахь ала аматериалқәа ирыхәаԥшны еицҿакрыла ишьақәнаргылеит "Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи рыцхәқәа" Азакәан аԥсахрақәа ралагаларала цәыббра 30 Аиааира амш, ныҳәатә ԥсшьарамшны иԥхьаӡазарц, нанҳәа 25 Ахьыԥшымра амш ҳәа ишьақәыргылазарц", — иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла напхгара зиҭо Аилак абри азҵаара аҭҵааразы Д.Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи рахь азыҳәақәа нанашьҭит.

"Аинститут абасеиԥш аҭак аанашьҭит: нанҳәа 25 1990 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа; Цәыббра 30 1993 шықәса аиааирагьы ахьыԥшымрагьы ирымшуп; жьҭаара 12 1999 шықәса рзы Апарламент аҳәынҭқарратә хьыԥшымраз акт аднакылеит ҳәа. Атәылахьчара аминистрра аҭак ала: цәыббра 30 Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны риааира иамшуп", ҳәа еиҭеиҳәеит Гәыниа.

Азакәан апроект алацәажәараан иаку гәаанагарак зышьақәымгылеит.

Иҟан изҳәоз Аиааира амши Ахьыԥшымра амши хаз-хазны иазгәаҭалатәуп ҳәа, иҟан урҭ акны ирыхәаԥшуаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0