Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Анатоли Возба игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилейный вечер, посвященный 85-летию Анатолия Возба
Юбилейный вечер, посвященный 85-летию Анатолия Возба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Анатоли Возба диит рашәара 22, 1932 шықәсазы.

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Анатоли Возба диижьҭеи 85-шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә еиԥылара еиҿнакааит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ахыбраҿы иахьа рашәара 21 азы.

Аиԥылара рхы аладырхәит Анатоли Возба аус ицызуаз иколлегацәа, ибзианы дыздыруаз пату иқәызҵоз иҩызцәа.

Аиқәшәара аартуа, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу ахәылԥазқәа хықәкыс ишрымоу аԥсуа журналистика иазааԥсахьоу ауаа рыхьыӡ иҵегь аӡыргара, ажурналистика азанааҭ ашҟа аҿар рхьарԥшразы.

Ицәажәоз зегьы иазгәарҭон Анатоли Возба иџьабаа акыр ишырацәаз аԥсуа литература аҿиараҿы, ажурналистика аганахь ала илагала шыҭбаау, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аус аҿы ихы дамеигӡакәа ижәлар рымаҵ шиуаз, иԥсадгьыл азы игәы шбылуаз.

"Анатоли Возба, ажурналистика, алитература, аԥсуа милаҭтә қәԥара даараӡа зџьабаа аду, ажәалагьы, рҿиаралагьы, усуралагьы аҭакԥхықәра ӷәӷәа зхахьы иганы, агәаӷьра аарԥшны аҳәынҭқарратә-партиатә кьыԥхь аҿы изылшаз аԥсуа журналистикаҿы даҽаӡә дыҟам", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Анатоли Возба Агазеҭ "Бзыԥ" аредактор хада иаҳасаб ала, ҭакԥхықәраны идын аԥсуа милаҭтә интересқәа рыхьчара, уи қәҿиарала анагӡара илшеит, азгәеиҭеит Ҳашыг.

Алитератураҭҵааҩ Руслан Ҳашыг Анатоли Возба аԥсуа литератураҿ илагала далацәажәо иҳәеит уи иҩымҭа "Кьахь Ҳаџьараҭ" ари аҭоурыхтә фырхаҵа изку егьырҭ авторцәа рҩымҭақәа иаарылҳәҳәо ишыҟоу.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>> 

"Аиаша ҳҳәар ауп, Кьахь Ҳаџьараҭ изку аҩымҭақәа рацәоуп, иҟоуп Баграт Шьынқәба еицырдыруа ироман, иҟоуп егьырҭ аҩымҭақәагьы, аха Ҳаџьараҭ ихаҿсахьа, уи аԥсҭазаараҿы дшыҟаҵәҟьаз инарҵауланы иахьаарԥшу Анатоли Возба ирҿиамҭаҿы ауп", — иҳәеит Руслан Қапба.

Агазеҭ "Бзыԥ" аредактор Лаврент Гәбаз излеиҳәаз ала, 80-шықәса инеиҳа агазеҭ аԥсҭазаара аҟны иналукааша периодны ишыҟаз уаҟа Анатоли Возба аус аниуаз ашықәсқәа.

"1967 шықәса инаркны, Анатоли Возба иԥсҭазаара зегьы ажурналистика иадҳәалан, иааидкыланы уи 27 шықәса ажурналистика аҟны аус иуит. Убарҭ рҟнытә 17 шықәса Гәдоуҭа агазеҭ "Бзыԥ" аҟны аус еицаауит. Сара насыԥны исыԥхьаӡоит иареи сареи аус ахьеицаауаз, избан акәзар иара илшон иааркьаҿны, аха аҵак ду аҭаны аҩҩра. Уи ауаа ргәы иҵхо, аԥсуа жәлар зыргәамҵуаз ааирԥшуан агазеҭ адаҟьақәа рҿы", — азгәеиҭеит уи.

Лаврент Гәбаз иҳәеит Анатоли Возба иҟазара аганқәа ишыруакыз сатирала иқәгылоу азҵаара аарԥшра, у алшара ҟанаҵон азҵаара иҵегь иҵарны ақәыргылара. 

Анатоли Возба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз рхы аладырхәит ашәҟәыҩҩы имаҭацәа Хьыбла Возԥҳаи Милана Возԥҳаи. Урҭ иҭабуп ҳәа рарҳәеит аиԥылара еиҿызкааз Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәылацәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0