Некрасов: урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә техника аҭыжьыҩцәа раалыҵ Аԥсны иӡырыргоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАқыҭанхамҩатәи ааглыхратәи машьынаргыларазы иналукааша урыстәылатәи азауадқәа рхаҭарнакцәа рашәара 28 рзы Аԥсны иаҭаараны иҟоуп
Ақыҭанхамҩатәи ааглыхратәи машьынаргыларазы иналукааша урыстәылатәи азауадқәа рхаҭарнакцәа рашәара 28 рзы Аԥсны иаҭаараны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩатәи ааглыхратәи машьынаргыларазы иналукааша урыстәылатәи азауадқәа рхаҭарнакцәа рашәара 28 рзы Аԥсны иаҭаараны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭра ахаҭарнак Владимир Некрасов.

АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik, Роберт Џьопуа. 10 инареиҳаны урыстәылатәи азауадқәа — ассоциациа "Росспецмаш" алахәылацәа рашәара 28 рзы бизнес-миссиала Аԥсны иаҭаараны иҟоуп. Иалацәажәараны иҟоуп Аԥсныҟа лизинг ҳасабла урыстәылатәи азауадқәа раалыҵқәа раагара, абри атәы иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭра ахаҭарнак Владимир Некрасов.

Иара иажәақәа рыла ауснагӡатә мҩаԥгахоит Аԥсны аиҳабыра рыдгыларала. Аԥсуа-аурыс усеицура атәы далацәажәо Некрасов Sputnik иазеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аилак шазыхио аҳаиртә баӷәаза хәыда-ԥсада аудит азурагьы.

"Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит ԥхынгәымзазы Аԥсныҟа иналукааша урыстәылатәи аилак, аҳаиртә баӷәазақәа рганахьала зусура мҩаԥызго, ааԥхьара. Иара азыхиоуп Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазагьы хәыда-ԥсада аудит азура", — иҳәеит иара.

2017 Урыстәыла иарҭбаауеит Аԥсныҟа аалыҵ аашьҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0