Апроект MORE аԥшьгаҩцәа ажәалагала ҟарҵеит аԥсуа тауарқәа рколлекциа аԥҵаразы

© SputnikАпроект MORE аӡргара мҩаԥысит Аҟәа
Апроект MORE аӡргара мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект MORE аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа. Иара хықәкны иамоуп аҟазареи арҿиареи рхархәарала иактуалу апроблемақәа рыӡбара.

АҞӘА, рашәарамза 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа брендтә тауарқәа рколлекциа аԥҵара аҵак ду амоуп, лҳәеит архитектор-адизаинер, апроект MORE аԥшьгаҩ Елизавета Шаповалова.

"Сара сгәы иаанагоит уи ҳаамҭазтәи Аԥсны астатус ҳаранакуеит ҳәа", — лҳәоит лара.

Шаповалова ҿырԥштәны илҳәоит Урыстәылазы милаҭтә брендны ишыҟоу гжель ма аматриошка.

"Иаҳҭахуп Аԥсны абренд ҟаҳҵар. Иаҳҭахуп асувениртә аалыҵ, аҩыгақәа, амобилтә телефонқәа рыҭрақәа уҳәа, рбрендтә коллекциа аиҿкаара", — лҳәеит апроект аԥшьгаҩ.

Аҭира ахҭылҵ зегьы ақалақьқәа рархитектуратә хаҿра аиҭашьақәыргылара иазырхахоит, лҳәеит лара.

"Арахь иаҵанакыр алшоит ашколтә тетрадқәа, ақьаадлых пакетқәа уҳәа иарбанызаалак амаҭәар. Урҭ аазхәо ауаҩгьы абри апроцесс даҵаркхоит, идыруеит алагала шыҟаиҵо", — лҳәоит Шаповалова.

Шаповалова иазгәалҭеит апроект алахәылацәа ишрыгәҭаку аҟазара ахархәарала ауаажәларра рпроблемақәа рылацәажәара.

"Ҳуаажәларра рпроблемақәа ирылаҳкаар ҳҭахуп хԥа. Актәи: адунеитә уаажәларра Аԥсны астатус, аҭоурых, аԥсҭазаара маҷны ирдыруеит, уи арҭбаара, арҿиара аҭатәуп. Аҩбатәи: атуристцәа ареспубликахь еиҳа-еиҳа раара аиҵахара. Ахԥатәи: аҿар амилаҭтә культура аҿаиареи аҭоурыхи рахь ирымоу аинтерес алаҟәра. Арҭ зегь ҳәарада мышкала зыӡбра ауа ракәны иҟам, аха маҷ-маҷ уи ҳалҳаршап ҳәа ҳгәыӷуеит", — лҳәоит Шаповалова.

Апроект алахәылацәа ирыгәҭакуп Жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль Аԥсны амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0