Агәабзиарахьчара аминистрра: аиқәышаҳаҭра альготникцәа ахәшәқәа рыла еиқәнаршәоит

© Fotolia / mimonахәшәқәа
ахәшәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара ареспублика атәылауаа иҷыдоу ркатегориақәак хәшәыла реиқәыршәара аусхк аҿы аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит.

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара ареспублика атәылауаа иҷыдоу ркатегориақәак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәара аусхк аҿы аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа иҷыдоу ркатегориақәак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәара аусхк аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицураз Аиқәшаҳаҭра" амчра аиуеит иара Аԥсны Жәлар реизараҿи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿи аратификациа ианахыслак ашьҭахь", ҳәа арбоуп апресс-маҵзура адырраҿы.

Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Костенникови.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа иҷыдоу ркатегориақәак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәара. Арахь иаҵанакуеит: ахәыҷқәа-аинвалидцәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аинвалидцәа, Афганисҭантәи аибашьра алахәылацәа.

"Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан ирылацәажәан атәылақәа рыҩба рминистррақәа русеицура азҵаарақәа", — рҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны.

Уи адагьы Ҭамаз Ҵахнакьиа Москва усутә визитла иҟазаараан Урыстәылатәи амедицинатә академиа анапхгареи иареи аиԥылара рыман.

Ирылацәажәан Аԥснытәи астудентцәа аординатуреи аспирантуреи рҟны аҵара рахысра азҵаарақәа. Абри ахырхарҭала аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵааразгьы еилацәажәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0