Алитературатә хәылԥаз ала фестиваль "Ауаҩ игыларҭа" хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлитературатә хәылԥаз ала фестиваль "Ауаҩ игыларҭа" хыркәшахеит
Алитературатә хәылԥаз ала фестиваль Ауаҩ игыларҭа хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" хыркәшахеит.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" хыркәшахеит Искандер ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа рыԥхьарала рашәара 22 рзы Аҟәа.

Ахәылԥаз мҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр афоие аҟны.

Аспектакль Софичка РУСДРАМ асценаҟны иқәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Софичка" РУСДРАМ асценаҟны иқәдыргылеит

"Иахьа афестиваль аҵыхәтәантәи амш ауп. Араҟа аофициалтә қәгыларақәа аҭыԥ роуӡом. Ахәылԥаз иалахәуп ахәыҷқәагьы. Уи ссируп. Ашьыжьгьы имҩаԥысит Искандер ирҿиамҭақәа рыла ахәыҷқәа рсахьақәа рцәыргақәҵа. Уи ашьҭахь астудентцәа Искандер ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа ирыԥхьон. Имҩаԥган Искандер иҭыԥқәа рахь аныҟәарақәа. Афестиваль аҿар ахьалахәу уаргәырӷьоит. Уи иаанагоит иҟаҳҵо аҵакы амоуп ҳәа. Уи иаанаго Фазиль ирҿиамҭақәа ирыԥхьоит ауп", — лҳәоит афестиваль акуратор Шьазина Агрԥҳа.

Аԥхьаҩцәа қәыԥшцәа Нестор, Елена, Иури Алхазоваа аԥхьеит "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара" ацыԥҵәаха, 14-шықәса зхыҵуа Артиом Жорданиа даԥхьеит ажәабжь "Чики Пушкини".

Шьазина Агрԥҳа иазгәалҭеит, Фазиль Искандер еснагь истол ишықәыз Александр Пушкин итомқәа руак.

"Пушкин искандер бзиа иибоз шәҟәыҩҩын. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара еиҳарак аԥхьара акәын ихҭакны имаз", — лҳәоит Агрԥҳа.

Афестиваль акуратор Алексеи Шервашиӡе-Чачба аҵак ду аманы ишьеит асахьаркыратә фильм "Софичка" Аԥсуа телехәаԥшрала иахьыддырбаз.

"Уи аԥхьа РУСДРАМ аҿы идырбан аспектакль "Софичка". Акинои аспектакли еицылан Фазиль Абдул-иԥа иҟазара аадырԥшит", —иҳәеит Алексеи Шервашиӡе-Чачба.

РУСДРАМ актиорцәа Наталиа Папасқьырԥҳаи Џьамбул Жорданиеи рыԥхьеит Искандер иажәеинраалақәа.

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит Искандер иџьшьаны Аԥсны адунеитә ԥхьаҩы иахь ишнеииз.

"Уахьыҟазаалак, Аԥсны сатәуп ануҳәалак, Искандер дааргәалашәоит. Ааигәа Израиль сыҟан. Уаҟагьы Фазиль бзиа дырбоит, иԥхьоит", — иҳәеит иара.

Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" хыркәшо Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит, афестивальқәа рыхԥагьы Искандер ишилаӡҩоз.

"Сгәы иаанагоит ԥхьаҟа афестиваль агеографиа аҽарҭбаап ҳәа", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аҵыхәтәаны архивтә видеоролик ала иахәаԥшит Фазиль Искандер ихатәы жәеинраала "Ачара" данаԥхьоз.

Афестиваль мҩаԥысуан рашәара 20 — 22 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0