Владимир Аҩӡба: аҿар аԥсуара дырҵатәуп, акультура рылааӡатәуп

© Foto / Сырма Ашәԥҳа20 шықәса Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны хаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡба
20 шықәса Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны хаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт ахыҵхырҭа-ҭҵааратә ҟәша аусзуҩ, 20 шықәса Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны хаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡба ҳџьынџьуаа рзы игәаанагарақәа дырзааҭгылеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Владимир Аҩӡба Аԥсны хаҭарнакс Ҭырқәтәыла дзышьҭыз ҳтәыла раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иоуп. Усҟан шықәсык уҳазца ҳәа иеиҳәеит. Шықәсык нҵәаны данаа, даҽа шықәсык уҳазца иҳәеит.

"Ҳдиаспореи сареи аимадара ҳамоуп 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны. Асалам шәҟәқәа ҳабжьысуан. Ашәҟәы ззызыҩуаз ауааи сареи Ҭырқәтәыла сыҟазаара иалагӡаны ҳаибабеит, ҳаицәажәеит. Рыхьӡ рыжәлақәа сымамзи, исгәалашәеит ианызба. Усҟантәи иҟаз агәыбылреи уажәтәи агәыбылреи злеиԥшқәам ыҟоуп. Иҟоуп иахьеиӷьу, иҟоуп маҷк  иахьхьысҳахаз", — иҳәеит Аҩӡба.

Владимир Аҩӡба иҟан игәы казыжьуаз, убас игәы еиззырҳауаз ахҭысқәа.

"Ҽнак схы сықәыжьны сыштәаз, Бедиз Кәарацхьелиаԥҳа ҳәа ԥҳәызба бзиак дыҟоуп, сара сҿы дааит. "Иухьуазеи, улахь еиқәушәа збоит, иухьзеи?", ҳәа дсазҵааит. "Сгәы иҭоу зегьы сзыҟаҵом, исзынагӡом", ҳәа налаҭаскит. Дааԥышәарччан, ус ҿаалҭит: "ара уаанӡа ҳшыҟази, уажә ҳшыҟои, ҳхәыцрақәа рыҽшырыԥсахзи умбаӡои?", лҳәеит лара.  

Аԥсны даара бзиа иаҳбеит, ҳаԥсадгьыл ахь ҳгәыбылра еизҳаит, ҳҳәынҭқарра, ҳауаажәларра ҳреигәырӷьаратәы ҳаҟоуп. Абарҭ аусқәа рҿы иубзоуроу рацәоуп", лҳәеит Бедиз. Саргьы ак сылшазаап сҳәан, сгәы аасыԥсахит. Ҩажәа шықәса раԥхьа аҭырқәа итәылаҿы инхоз аԥсуааи, иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи рхәыцшьа еиԥшӡам зынӡа. Рабдуцәа рыдгьыл ахь рылаԥш хоуп, рхы кыдуп.

Маҳинур Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Маҳинур Папаԥҳа: Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ҿырҳәала исҵон
  

Ҳарҭ ԥхьаҟа ҳазгаша аус дуқәа ҳамоуп, зеиԥш ыҟам акультура ҳамоуп. Ҭырқәтәыла, аԥсышәала ҳџьынџьуаа аҵара ахьырҵаша ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа ҷыдала иахьыҟам, иџьашьахәуп рхатәы бызшәа ахьеиқәдырхаз, иахьцәажәо. Убас еиԥш аԥсуаа ыҟоуп Ҭырқәтәыла, нас сара аԥсшәа здыруеит ҳәа схы сыԥхьаӡоит, сара сеиҳа еиҿкааны аԥсшәа зҳәо. Абри зегьы адкылара, аџьшьара аҭахуп.  

Уахьгьы арахьгьы иҟоу аԥсуаа зегьы иаҳуалны исыԥхьаӡоит аҿар абрахь иааганы аҵара дырҵара. Аҿар ҳара иҳамоу акультура рылааӡатәуп, аԥсуара дырҵатәуп, аҩаӡара аҟынӡа иҩагатәуп, аԥсышәала ацәажәашьа дырҵатәуп, аԥсышәала ихәыцуа иҟаҵатәуп", — ҳәа азгәеиҭоит Владимир Аҩӡба.  

Аԥсныҟа ахынҳәра азҵаара даара ихадароу зҵаараны дахәаԥшуеит Владимир Аҩӡба.

"Уи аҩбатәи мҳаџьырраны иҟоуп. Аҿар роуп аԥхьагылара, аԥхьацара зыхәҭоу. Зегьы рхәыцрақәа хымԥада еиԥшӡам. Аԥсныҟа нхара ҳәа аӡә дааны шьҭахьҟа даныхынҳәлак, ибзиам апропаганда ахылҿиаауеит. Маҷ ҩны ҭацәны иҟоума, шаҟаҩ ҳазнырхада?..  Даара ираӡаны иазнеитәуп ари азҵаара.

Ара инхо ирымбои иҟоу аҭагылазаашьа. Аҩны рхатә харџьала идыргылартә еиԥш алшара змоу ыҟоуп. Аха, иҟоуп анхара иаарц зҭаху, алшара змам. Ашәарҭадара азҵаара иацклаԥштәуп, ҳаззымхәыцкәа иҟаҳҵо аҭагылазаашьақәа рацәоуп", — иҳәеит Аҩӡба.

Рашәара 25 рзы Владимир Џьамал-иԥа имш ироуп. Уи атәы дазааҭгыло иара дааԥышәарччан ус иҳәеит:

"Сара сышықәс пату ақәысҵоит. Сҩызцәа иазгәарҭоит. Амала, 80 шықәса рнаҩс иҟало сыздыруам", — ҳәа.

Иааигәа итәаз иҩыза ас еиԥш аниаҳа, иарзнак аҭак иҳәеит: "80 шықәса рнаҩс, 90 шықәса ҟалоит!"

Владимир  Џьамал-иԥа изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә гәазыҳәара, ақәра нҵыра ду!

Ажәабжьқәа зегьы
0