Аԥсны Ахада Руслан Ҳашыг "Абаза ТВ" аиубилеи идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Руслан Ҳашыг "Абаза ТВ" аиубилеи идиныҳәалеит
Аԥсны Ахада Руслан Ҳашыг Абаза ТВ аиубилеи идиныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателеканал "Абаза ТВ" аиубилеи азгәанаҭоит. Иара аусура хацыркын рашәара 26 2007 шықәса рзы.

АҞӘА, рашәарамза 26 – Sputnik, Владимир Бегунов. "Абаза-ТВ" жәашықәса ахыҵра амш аҽны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ателеканал адиректор хада Руслан Ҳашыг дидикылеит. Идиныҳәалеит аиубилеи, ҳамҭаны ииҭеи хьыӡҳәалатәи анапхаҵа сааҭ.

"Шәиубилеи шәыдысныҳәалоит. Ҳазнысыз аамҭала иҟашәҵаз маҷӡам. Исгәалашәоит зегь шалагоз. Усҟан иҟан азцаара асеиԥш иҟоу ателеканал ҳҭаху иаҳҭахыму ҳәа? Аха аамҭа иаҳнарбеит ихьыԥшым аканал амазаара бзиарамзар цәгьара шаҵам", — иҳәеит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла "Абаза-ТВ" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра инаваргыланы ауааԥсыра гәахәарыла ирыдыркылоит, иахәаԥшуеит, асиужетқәа ирылацәажәоит.

Руслан Ҳашыг ишиҳәаз ала, ателестудиа шьаҭаркуижьҭеи 25-ҩык ажурналистцәа аус руеит, урҭ рҟынтәи 17-ҩык раԥхьатәи ррепортажқәа ахьҭырхыз "Абаза-ТВ" аҟноуп. "Абаза-ТВ" аполитика хада иахәҭакуп ахатәы кадырқәа рааӡара.

"Ҳара Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых архив азҳархиоит. Иара аелектронтә формат ала иҟоуп. Ҳжурналистцәа еиуеиԥшым ахҭысқәа Аԥсны адагьы Урыстәылеи аҳәаанырцәи рканалқәа рзгьы иаздырхион", — иҳәеит Ҳашыг.

Руслан Ҳашыг иажәақәа рыла иахьа иколлектив ирыдныҳәалоит ателерадиоеилахәырақәа НТВ, "Актәи аканал", ВГТРК, LifeNews.

Ажәабжьқәа зегьы
0