Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet призиорс дҟалеит

© mitjet.ruДмитрий Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet призиорс дҟалеит
Дмитрий Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet призиорс дҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахраҿа Mitjet аетапқәа фба рҟынтәи ахԥатәи хыркәшахеит ԥхынгәы 8 рзы Москва.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәыла Ахраҿа Mitjet аетапқәа фба рҟынтәи ахԥатәи хыркәшахеит ԥхынгәы 8 рзы Москва. Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet призиорс дҟалеит.

Sputnik акорреспондент аинтервиу иҭо иара иҳәеит, Mitjet ахԥатәи аетап актәи аикәшара амҩаԥысшьа атәы.

"Актәи аикәшараан маҷк ақәа леиуан. Сара ахԥатәи апозициа аҟынтәи сыҵҟьон. Аԥхьа аԥшьбатәи апозициахь сианагеит, нас сҭыԥ сазыхынҳәит. Уи ашьҭахь аҽазнык агха ҟасҵеит, атрасса сахҟьеит, смашьынагьы аццакра каҳаит. Актәи сыгха иахҟьаны Алексеи Карачиов исаԥигеит. Аҩбатәи сыгха иахҟьаны исаԥигеит Васили Гриазин. Сара афиниш ахь ахәбатәи сакәны снеиит, аха Карачиов ииашамкәа аԥысратә маниовр ахьымҩаԥигаз иахҟьаны ҩ-позициак шьҭахьҟа диаргеит. Абасала сара ахԥатәи аҭыԥ соуит", — иҳәеит Ӷәазаа.

Аҩбатәи аикәшараангьы ақәа леиуан, аха Дмитри илиршеит раԥхьатәи апризиорцәа ахҩык рылахәхара.

Аспортсмен иазгәеиҭеит Урыстәыла Ахраҿа Mitjet аетапқәа хԥа реихшьаалақәа рыла азеиԥш зшьала ахԥатәи апозициа шимоу.

Ԥхьаҟа аҽа х-етапк ҟалараны иҟоуп: нанҳәамзазы – Казань, нас Шәача.

Асериа Mitjet 2L алаҵәара амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, Америкатәи аштатқәа рҟны. Иара шьаҭаиркит афранцыз спортсмен Жан-Филипп Даиро.

Ажәабжьқәа зегьы
0